Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа аҳәааҿ дынкылоуп

© Sputnik / Алексей Вовк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа аҳәааҿ дынкылоуп
Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа аҳәааҿ дынкылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәааҿ иааныркылаз Урыстәыла атәылауаҩ адокумент ԥаршеи ахархәаразы афедералтә шьҭазаара иман.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсныаҵакырахь аҭалара зыгәҭакыз, аҳәааҿ иааныркылаз, 22 шықәса зхыҵуаз Урыстәыла атәылауаҩ адокумент ԥаршеи ахархәаразы афедералтә шьҭазаара иман. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа иԥшаара иашьҭан хымз рыҩныҵҟа ҳәа аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.

Иааныркылаз ахаҿы аҭыԥантәи аполициа дрыҭоуп, анаҩс ишьҭаз рахь имҩаԥгаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0