Рауль Ҳаџьымба иныҟәара хиркәшеит

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 10-11 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахада Венесуелатәи ареспубликаҿы иҟазаара. Иара далахәын Венесуела ахада Николас Мадуро Каракас иҭоубашьҭаҵара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12- Sputnik. Ажьырныҳәа 11 рзы ихыркәшахеит Аԥсны ахада Венесуелатәи ареспубликаҿы иҟазаара. Иара далахәын Венесуела ахада Николас Мадуро Каракас иҭоубашьҭаҵара. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аԥсны ахадеи Венесуела ахада Николас Мадурои еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахадеи Венесуела ахада Николас Мадурои еиԥылеит

"Аԥсны даара акраҵанакуаны иахәаԥшуеит Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи иареи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьа ҭышәынтәала. Ҳара ҳазыхиоуп ԥхьаҟагьы аимадарақәеи аиныррақәеи рырҿиара", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭыԥантәи ажурналистцәа аинтервиу рыҭо.

Аԥсны ахада Венесуела официалтә ныҟәарыла иҭаараан диԥылеит венесуелатәи иколлега, Николас Мадуро, ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Мадуро Ҳаџьымба аԥсшәа иҳәо иҭабуп ҳәа ахиҳәааит иҭоубашьҭаҵара ихы ахьалаирхәыз.

Аԥсны ахада иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсны акыр хра аманы ишаԥхьаӡо атәылақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьақәа.

Венесуела ахада Николас Мадуро аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы иӡбра, атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара.

Венесуела ахада Николас Мадуро аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы иӡбра, атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара.

Аԥсны ахада Сальвадор ахада Санчес Серена диԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Сальвадор ахада Санчес Серена диԥылеит

Абри адагьы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Сальвадор ахада Санчес Серенеи еиԥылеит.

"Ҳара аиԥылара хра аманы ҳахәаԥшуеит. Аԥсны аҩыза-тәылақәа еснагь ирныруеит. Венесуелеи Никарагуеи реиԥш Сальвадоргьы ҳҩыза-тәылахар даара агәахәара ҳауан", - ҳәа иҳәоит Ҳаџьымба.

Санчес Серен иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсни Сальвадори ахьыԥшымразы рықәԥара еиԥшны дшахәаԥшуа.

"Ҳаргьы шәара шәеиԥш ахақәиҭраз ҳақәԥон. Иагьҳауит. Аԥснытәи аделегациа ара рбара сеигәырӷьоит. Ари раԥхьатәи еиԥылароуп, еибадырроуп. Сгәыӷуеит ҳаимадарақәа ԥхьаҟагьы аҿиара роуп ҳәа", - иҳәоит Сальвадор ахада.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Венесуелаҟа днаԥхьан атәыла ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәхарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0