Аԥснытәи абоксиор ахьтәы медал иаҭәашьахеит

© Foto / Эдуард ДипелянСергей Саркисян
Сергей Саркисян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аиндаҭлара, 174 спортсмен злахәыз, мҩаԥысит Анапа, ажьырныҳәа 7-13 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Викториа Аҩӡыԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Сергеи Саркисиан абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аиндаҭлараҿ ахьтәы медал ианашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абоксиор иазыҟаҵаҩ Едуард Депелиан.

Абоксиор 2003-2004 шықәса рзы ииз иҩызцәа дрындаҭлон. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла Сергеи Саркисиан аиндаҭлараҿы ԥшьынтәны дықәгылеит, зныкгьы аӡәгьы диҵамхеит.

"Ақәгыларақәа рыԥшьбагьы имариаз ракәмызт аха аиааира ҳара иаагеит", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Аиндаҭлараҿ аспортсмен иоуз аиааира иалнаршоит абокс азы Урыстәыла ачемпионат алахәхара.

"Сергеи – Аԥснытәи жәларбжьаратәи аиндаҭларақәеи рҟны изныкымкәа аԥыжәара иоухьеит. Иара зхықәкы анагӡара зҽазызшәо рԥысуп. Ҳаԥхьаҟа ҳзықәгәырӷьо спортсмены дҟалап ҳәа агәра згоит", - ҳәа иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Уажәы иара иҽазыҟаиҵоит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 3 рҟынӡа Анапа имҩаԥысраны иҟоу Аладатәи афедералтә округ аиндаҭлара.

Ажәабжьқәа зегьы
0