Аԥсны апрокуратура хадаҿ Маслов дызшьыз рыхьӡ рҳәеит

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кострома ақалақь иалҵыз Михаил Маслов, хәышықәса раԥхьа аамҭала нхара ҳәа Тамшьҟа иааз, дшьын 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Кәтол ақыҭа ауааԥсыра Саид Сақаниеи Беслан Ахсалбеи рҿы рықәшаҳаҭхеит 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы Кострома талҵыз Михаил Маслов Тамшь ақыҭаҿ дшыршьыз азы. Абри азы аинформациа кьыԥхьуп Апрокуратура хада аофициалтә саит аҿы.

Михаил Маслов  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылауаҩ Маслов дыршьит ҳәа агәҩара зызрымоу ауаа аанкылоуп

"Аоператив-усҭҵааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны иаанкылан Очамчыра араион Кәтол ақыҭан инхо Сақаниа Саид Русҭам-иԥа, 1996 шықәса жәабран 28 рзы ииз, Ахсалба Беслан Ҭемыр-иԥа, 1995 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы ииз. Иаанкылаз ауаҩшьра шыруз азы рҿы рықәшаҳаҭхеит", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.

Ашьаусҭҵаара напы анаркит Очамчыра араион апрокуратура.

Кострома ақалақь иалҵыз Михаил Маслов, хәышықәса раԥхьа аамҭала нхара ҳәа Тамшьҟа иааз, дшьын 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, абџьар зкыз ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны Масловаа ахьынхоз аҩнахьы инеит. Ацәгьоуцәа Михаил Маслов ишьапы иаеихсит. Иоуз ахәра иахҟьаны Маслов иԥсҭазаара далҵит. Иԥшәмаԥҳәыс – Татиана Маслова лхәыҷқәа ҩыџьа лыманы Аԥсны дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0