37 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа амедицинатә ԥгаԥсақәа роухьеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыдача полисов ОМС нового образца
Выдача полисов ОМС нового образца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа 37 нызқьҩык амедицинатә ԥгаԥсақәа рухьеит, аҽа быжь-нызқьҩык аполисқәа роуразы аусурақәа рымҩаԥгара иаҿуп ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Урыстәыла ИАԤ афедералтә фонд аусзуҩцәа данырԥылоз.

Страховой полис - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса рыҭара хацыркуп

Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа амедицинатә ԥгаԥсақәа рыҭараз ауснагӡатә шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит, аха иара маҷк ирцыхцыхтәуп ҳәа иҳәеит аминистр.

Уи адагьы амедикцәа азааҭгылеит аполисқәа рыла амедицинатә цхыраара аиура азҵаарақәа.

2017 шықәса рзы, Аԥсныи Урыстәылеи рхадацәа реиқәшәараан рнапы аҵарҩит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы аԥгаԥса ҵаҵӷәыс иаҭаны ахәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра.

Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы
37 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны атәылауаа амедицинатә ԥгаԥсақәа роухьеит - Sputnik Аҧсны
Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы
Ажәабжьқәа зегьы
0