Галаа аҳәаа аартреи анхаразы азин аҟаҵареи ирылацәажәеит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30-ҩык рҟынӡа Гал ауааԥсыра аҭыԥантәи араион ахадара аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 23 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гал ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырнагеит Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа ахьарку. Иара убасгьы дара анхаразы азин аиура азҵаара цәырыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Наира Амалыиаԥҳа.

30-ҩык рҟынӡа Гал ауааԥсыра аҭыԥантәи араион ахадара аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 23 рзы. Еизаз рахь днеиит араион ахада Ҭемыр Надараиа.

"Зегь раасҭа агәҭынчымра рызымҭо аҳәаа аркроуп. Ааигәа Аԥсны асанитартә ҳақьым хада лабжьгарала аҳәаа адыркит Қырҭтәыла ицәырҵыз аимҳәахкы иаҿыӡганы. Иара убри аан згәы бзиам ауаа аҳәаа иахысыр ҟалоит", – ҳәа лҳәоит Наира Амалыиаԥҳа.

Иара убри аан анхараз азин аиура азҵаарагьы аҭак раҳар рҭахын.

"Аҿар азҵаауан аԥсуа тәылауаҩшәҟәы аиура шалыршахаша. Ҳара ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсны атәылауаҩра аиуразы қырҭтәыла атәылауаҩра мап ацәыркыр шакәу", - ҳәа лҳәоит лара.

Наира Амалыиаԥҳа иазгәалҭеит азҵаарақәа зегьы ԥхьаҟа аус рыдуларазы ашәҟәы ишҭагалоу. Араион ахадеи дареи реицәажәара ашьҭахь ауаа еимпит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0