Аҟәа иаадыртит аинрал Уалид Маршьан ибаҟа

© Sputnik / Бадрак АвидзбаЦеремония открытия памятника видному военному и общественному деятелю Сирийской Арабской Республики, генералу Уалиду Маршан
Церемония открытия памятника видному военному и общественному деятелю Сирийской Арабской Республики, генералу Уалиду Маршан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҿы имҩаҧысит иналукааша ҳџьынџьуаҩ, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аинрал Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аҟәа, Арепатриациа аминистрра ашҭаҿы иаадыртит иналукааша ҳџьынџьуаҩ, аинрал Уалид Маршьан ибаҟа. Аиҧылара аартуа, арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иазгәеиҭеит, Уалид Маршьан уаҩык иаҳасаб ала ихаҭара, Шьамтәылеи Аҧсныи реиҩызаратәи русеицуратәи еимадарақәа рҟны иааирҧшыз аҵак ду.

Уалид Маршан - Sputnik Аҧсны
Ауаа ирзааигәаз аинрал: Уалид Абаза- Маршьан игәаларшәара аҳаҭыр азы

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, Уалид Маршьан еиҧш иҟаз афырхацәеи Шьамтәылатәи ҳдиаспора рхымҩаҧгашьеи ишрыбзоуроу Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы Шьамтәыла иаанарҧшыз адипломатиатә шьаҿа.

"Уалид Маршьан Абаза, ҳажәлар ргәалашәараҿы даанхоит зыҧсадгьыл алахьынҵа зхьааз, гәҭыхас измаз, уи ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ирзықәҧоз ҵеи наганы. Шьамтәыла ашәарҭа ианҭагылоз аамҭақәа раан, Уалид хьаҵрак ҟамҵакәа агрессорцәа дырҿагыланы деибашьуан. Иҧышәеи илшамҭақәеи ҳасаб рзуны, Шьамтәыла ашәарҭадаратә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан, иҳаракыз аҳәынҭқарратә уалҧшьақәа инапы ианырҵахьан", - иҳәеит атәыла ахада иқәгылараҿы.

Уалид Маршьан иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа иҭоурыхтә ҧсадгьыл дазҿлымҳан, ҳадиаспора ахьынхо Шьамтәыла аҳәынҭқарра атеррористтә мчқәа рацәыхьчара дашьҭан.

Уалид Маршьан ибаҟа аартра иалахәыз аусмҩаҧгатә аҟны иқәгылоз иара убас иазгәарҭон, Уалиди иара иашьцәа Мамдыхәи Шьарафи Маршьанаа ирыбзоураны, атәым дгьыл аҿы инхоз ҳџьынџьуаа рыхьӡ-рыҧша акыр ишышьҭыҵыз, ахеиқәырхара шрылшаз. Имаҷҩым Шьамтәылатәи Ареспублика ҳәынҭқаррак аҳасабала аиқәырхаразы злагала ҟазҵаз ҳхылҵшьҭрақәа рхыҧхьаӡара.

Инар Гицба - Sputnik Аҧсны
Гыцба: Уалид Маршьан иԥсра ҳара ҳзы ицәыӡ дууп

Иазгәаҭатәуп, Шьараф Маршьан Шьамтәылатәи апарламент аҿы изныкымкәа депутатс дшалырххьоу. Иахьа иҭаацәеи иареи Аҧсны инхоит.

Мамдыхә Маршьан, Шьамтәылатәи арратә ҳаиртә мчраҿы аус иуан. Иара дҭархан аҳаиртә мчрақәа рыштаб хада аҟны имҩаҧгаз атерракт иахҟьаны, деинрал-леитинантын, данҭаха ашьҭахь аинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵан.

Аишьцәа Маршьанаа дара ахьынхоз атәыла аҟнеиҧш, ҳаҭырла ирзыҟан Аҧсынтәылагьы. Урҭ рымч-рылша зегьы рыуаажәлар рымаҵ аура иазкын.

Ар рҧыза, аинрал Уалид Маршьан иҧсадгьыл аҿы ибаҟа аартра, хымҧада асимволтә ҵакы амоуп.

"Ҧсадгьылда атәымџьара аҟазаара еицәоу ҧсҭазаара ыҟаӡам. Еиҳау насыҧс иҟоузеи уара иутәу адгьыл ушьапы анықәгылоу, уа уанынхо!" - абас азгәеиҭахьан Уалид Маршьан иқәгыларақәа руак аҿы.

Гәыблыла зыжәлари зҭоурыхтә ҧсадгьыли ирызхьаҧшуаз ауаҩы, гәыблыла ижәлар ргәаҵаҿы дынхоит.

Абаҟа аартра рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧыза-министр Валери Бганба, Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуцәа, Уалид Маршьан иуацәа, иҭынхацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0