Аимҳәахкы шьақәзыргыло атестқәа аахәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАимҳәахкы шьақәзыргыло атестқәа аахәоуп
Аимҳәахкы шьақәзыргыло атестқәа аахәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лыбрифинг мҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №1 аҿы аҩаша, ажьырныҳәа 29 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. А, В ргәыԥ иаҵанакуа аимҳәа ашьақәыргыларазы 200 тест аанахәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аҟәша ҳәа еиҭалҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

Белиаева лажәақәа рыла аиммунохроматографиатә тест аус адырулеит урыстәылатәи аҵарауаа. Аҭирахь икылган 2019 шықәса рзы.

"Атест иунарбоит ауаҩы аимҳәа имоу зҵазкуа агәыԥ", - ҳәа лҳәоит аҳақьым.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арҷелиаԥҳа: ҳтәылахь аҳәачымазара ааира ҳазыԥшуп

Апациент агәыԥ А (H1N1, ахкқәа руак - ред.) иаҵанакуа аимҳәа ихьуазар, аҳақьымцәа инарҭбаау алобараториатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргароуп.

Белиаева лажәақәа рыла 2019 шықәса ианалага инаркны Аԥсны аҽарҭбааит асезонтә ОРВИ.

"Ииасыз амшқәа рзы ахәыҷтәы хәыәшәтырҭаҿ ирыдыркылеит 300-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, аха урҭ рҟынтәи 30-ҩык роуп аимҳәа змаз, егьырҭ асезонтә ОРВИ акәын ирымаз. Уи иаанаго аимҳәа змаз рхыԥхьаӡара 10% иҟоуп ҳәоуп", - лҳәоит лара.

Абрифинг аҿы Белиаева илҳәеит ахәыҷқәа аимҳәеи абҷи ирцәызыхьчо алаҵақәа шырзыҟаҵалатәу.

"Абҷы акыр ирылаҵәаны иҟоуп. Украина иҟоуп уи иахыԥсаазгьы. Имаҷҩым Европатәи аидгылеи Қырҭтәылеи изыхьуа. Ҳара ҳҟынгьы аҽарцәгьар ҟалоит избанзар Аԥсны имаҷҩым алаҵа ззыҟаҵам ахәыҷқәа", - ҳәа лҳәоит лара.

Асанитартә ҳақьым илҳәоит ачымазарҿкы аҽацәыхьчаразы ауаа рацәа хьыҟоу анеира шыҟамло, изыхьыз аусура, ашколқәа, ахәыҷ баҳчақәа рҭаара рҽацәхьаркырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0