Кәыдрытәи аиҩхааҿы ашәарыцацәа абнацгәы ршьит

© Foto / WWF РоссииЛеопард Килли
Леопард Килли - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарах аҭыԥантәи ауааԥсыра ажьырныҳәамзазы идыргылаз ашьацҳәа иаҿашәеит.

АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи ашәарыцаҩцәа ашьацҳәа иакыз ашәарах рыжәларц ианаҿыз иршьит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шапошников ихьӡ зху Кавказтәи аҳәынҭқарратә ԥсабаратә ҳәырԥсарра апрофессор Анатоли Кудактин.

"Мчыбжьык аԥхьа Аԥснынтәи адырра ҳарҭеит ашьхараҿы абнацгәы шыршьыз азы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ашьацҳәа дыргылеит. Ашәарыцаҩцәа ашьацҳәа иакыз ашәарах рыжәларц ианаҿыз иршьит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кудактин.

Раԥхьатәи азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа аԥсабарахь рхы иақәиҭны иоурышьҭит 2016 шықәса рзы, Кавказтәи аҳәынҭқарратә ԥсабаратә ҳәырԥсарраҿ абнацыгәқәа рыҟазаара арҿиаразы Шәачатәи аԥсабаратә ҳәырԥсарра аҟынтәи. Ауснагӡатә мҩаԥган Владимир Путин иаԥшьгамҭатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2009 шықәса рзы.

Кудактин иажәақәа рыла, макьаназ еилкаам ишьу абнацгәы абнара иларҵаз шәачатәи ашәарах акәу уаанӡа уа иҟаз ашәарах акәу.

"Ҩышықәсаҟа раԥхьа Кәыдрытәи аиҩхааҿы абнацгәы аԥацәа ацны ирбахьан. Иҟалап урҭ ракәзар. Ишыҟазаалакгьы аԥсабараҿ даарак иуԥымло ашәарах ҭахеит", - иҳәеит Шәачатәи аҳәырԥсарра апрофессор.

Раԥхьатәи абнацыгәқәа Ахун, Килли, Викториа ракәын. Аҵыхәтәантәи Лыхны ақыҭан  2017 шықәса абҵарамзазы иркит, нас Урыстәылаҟа идырхынҳәит. Аамҭақәак рышьҭахь аԥсабарахь иоушьҭын, аха нас иԥсны ирбеит. Уажәы Кавказ иахьаҵанакуа арҭ абнацыгәқәа шамахамзар иубом. Дара Ашәҟәы ҟаԥшь иҭагалоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0