Sputnik аҿы Двинианин ипресс-конференциа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосол России в Абхазии Алексей Двинянин
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин далацәажәеит адипломат иусуреи, Аԥсны иҟазаареи Урыстәыла адипломат имш аламҭалаз имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Адипломат имш Алексеи Двинианин Аԥсны раԥхьаӡа акәны даԥылоит. Иара арахь цҳаражәҳәаҩык иҳасабала даашьҭын 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы. Адипломат иажәақәа рыла, аусутә рацәаны имоуп, атәыла ишиҭаху еиԥш макьанагь изымбацт.

"Аԥхьа сара амшын аԥшаҳәаҿы анеиааира бзиа избон. Ауаа сырдыруа иалагеит. Иааины аԥсшәа сарҳәон, снапы сымырхуан, сыргәыдыҳәҳәаланы сгәыдыркылон. Уи гәахәароуп", - ҳәа иҳәоит адипломат дԥышәырччо.

Дворец наций в Женеве - Sputnik Аҧсны
Двинианин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: Мраҭашәараа Аԥсны аӡбахә днарҳауеит

Аамҭа анимоу адипломат бзиа ибоит аҽазыҟаҵаратә зал ахь аныҟәара. Иусурамш асааҭ 9 рзы иалагоит, амчыбжь аҩныҵҟа изныкымкәа аилатәарақәа мҩаԥысуеит.

"Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ҳрылацәажәоит. Еиуеиԥшым аусдҵақәа снапаҵаҟа иҟоу рҿаԥхьа иқәсыргылоит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Хәылԥазылагьы аиҳарак амш аихшьаалақәа ҟаиҵоит, аҳасабырбақәа еиҿикаауеит. Аамҭа иоур, атеатр ахь аныҟәара бзиа ибоит.

"Атеатр еиҳарак садзыԥхьало Иракли Хынҭәбеи сареи ҳаизыҟазаашьоуп. Иареи сареи ҳаибадырит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс даныҟаз. Иара Женеваҟа инеиуаз Аԥснытәи аделегациа далахәын, саргьы урыстәылатәи аделегациа ргәыԥ анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс сыҟан", - ҳәа иҳәоит адипломат.

РУСДРАМ адагьы ацҳаражәҳәаҩ бзиа ибаны даҭаауеит аҳәынҭқарратә филармониа. Иара иажаәқәа рыла, аԥсуа милаҭтә кодекс Аԥсуара акыр игәы иазааигәахеит.

Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Двинианин Аԥсны аидарақәа транзитла ралгаразы: Аԥсназы уи цәгьаӡам

"Даара исҭахуп Аԥсуара аԥсҭазаараҿы ахархәара аманы иҟазарц. Иарбанызаалакгьы атәылаз аҵаси ақьабзи реиқәырхара акраҵанакуаны иҟоуп", - ҳәа азиԥхьаӡоит адипломат.

Алексеи Двинианин аԥсуа чыслых бзиа ибоит.

"Кавказтәи ачыс, аԥсуа чысгьы абрахь иналаҵаны сара издыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Кавказтәи ареспубликақәа изныкымкәа сырҭаахьан", - ҳәа азгәеиҭеит адипломат.

Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьа далацәажәо Двинианин иҳәоит атәылақәа рыбжьара 130 рҟынӡа еиқәшаҳаҭра напы шрыҵаҩу.

"Аусурақәа мҩаԥысуеит. Ԥхьаҟагьы аҿиара шроуа здыруеит. 130 еиқәшаҳаҭра рҟны ҳаангыларым ҳәа сыҟоуп. Ҳаԥхьа ишьҭоуп аус здаҳулаша ахырхарҭақәа жәпакы", - иҳәоит иара.

Урыстәыла Адипломат имш азгәарҭоит жәабран 10 рзы. Иара шьаҭаркын 2002 шықәса жьҭаара 31 рзы. Амш ҵаҵӷәыс иаиуит раԥхьатәи Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа  аԥҵара амш (1549 шықәса жәабран 10).

Ажәабжьқәа зегьы
0