Агәабзиарахьчара аминистрра H1N1 азы: ачымазара ҿкы лаҟәуа иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәабзиарахьчара аминистрра H1N1 азы: ачымазара ҿкы лаҟәуа иалагеит
Агәабзиарахьчара аминистрра H1N1 азы: ачымазара ҿкы лаҟәуа иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа ибрифинг мҩаԥысит Аҟәа, жәабран 13 рзы.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Аимҳәа, ахьҭалалара, аимҳәаҿкы H1N1 Аԥсны уажәшьҭа илаҟәуа иалагеит иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа ибрифинг аҿы.

Алаҵа  - Sputnik Аҧсны
Скорик: Аԥсны абҷы чымазара аҭыԥ амоуп

"Ҳаспециалистцәа ишырҳәо ала, иахьазы арҭ ачымазарақәа еиҵахо иалагеит. Иазгәаҭатәуп, адырра шҳаузҵәҟьа авирус иаҿагыло ауснагӡатәқәа нап шрылаҳкыз – ахәшә ҷыдақәеи антибиотикқәеи ааҳгеит", - иҳәеит иара.

Конџьариа иазгәеиҭеит 2019 шықәса жәабран 13 рызтәи аҭагылазаашьа уахәаԥшуазар, ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы H1N1 змоу аӡәгьы дышьҭаӡам.

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы абри аҩыза адиагноз зманы ишьҭоу адуцәа рҟынтәгьы зҭагылазаашьа шәарҭоу аӡәгьы дыҟам. Ачымазара иахҟьаны ареспубликаҿы ԥсыҭбара ҟамлеит.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ арҭ ачымазарақәа хәажәкырамза агәҭазы аҩынтә раан рцәырҵра ҳарзыԥшуп ҳәа иҳәеит.

"Ари ачымазара еиҭах ихынҳәуеит. Уи дырны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Иазгәаҭатәуп, иахьазы арҭ ачымазарақәа злаҽыз уаанӡа алаҵа ҟазымҵаз шракәу", - ҳәа иҳәоит Конџьариа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ аҳәара ицәыуадаҩуп аимҳәаҿкы Аԥсны изыхьыз рхыԥхьаӡара аҳәара, избанзар амедицинатә усҳәарҭақәа рахь изныкымкәа иадҵаалаз ауаагьы ыҟоуп азы. Аха иахьазы иҟоу арбагақәа рыла акарантин алагалара аҭахны иҟам иҳәеит иара.

Конџьариа иазгәеиҭеит 2019 шықәса ажьырныҳәамзазы аҿкы иаҿагылоу ахәшәқәеи антибиотикқәеи актәи рпартиа Аԥсныҟа ишаагаз. Жәабранмзазы еиҭах иааргараны иҟоуп.

Щазина Хурхумал - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым: алаҵа авирустә гәаҵәкра ԥнарҟәҟәаауеит

"Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәан. Ааигәа иҳауз ахәшәқәагьы ахәышәтәырҭақәа рахь еихаҳшараны ҳаҟоуп. Дарбанызаалак атәылауаҩ арҭ ахәшәқәа хәыда-ԥсада иоуроуп", - иҳәеит Алхас Конџьариа.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаа ахысра ааннакылеит ажьырныҳәа 10 асааҭ 20.00 инаркны.

Аҳәаа ахысра ԥкын агәыларатә ҳәынҭқарраҿы аҭыԥ змоу аимҳәачымазара аштамм H1N1 ахьрылаҵәаз иахырҟьаны.

Ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҵакыраҟынтәи аҳәаанырцә тәылауаа Аԥсныҟа ралалареи Аԥсны атәылауаа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ралалареи ԥкын.

Жәабран 4, 2019 шықәса рзы Аҵара аминистр Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥснытәи ашколқәа рҿы акарантин алагалара ҵаҵӷәы амам ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0