Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи афымца арцәара ишазыҟаҵоу далацәажәеит

© Фото : МЧС АбхазииВозгорание в 10-ой школе
Возгорание в 10-ой школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ ареспублика ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи афымца арцәара ишазыҟаҵаз атәы далацәажәеит.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспублика аҵакыраҿы афымцалашара арцәара ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи нырра рнаҭом ҳәа лҳәеит Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

"Ахәыҷбаҳчақәа зегьы адизельқәа рзықәгылоуп, афымцалашара аныцәалак аусура иалагоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Медицина - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәышәтәырҭақәа реиҳарак афымца арцәара иазыхиан

Ченгьелиаԥҳа лажәақәа рыла, агенераторқәа ахьықәгыламгьы х-сааҭктәи афымцарцәара нырра дук ҟанаҵом.

"Адәахьы макьаназы иԥхарроуп. Сык леир иҟаҳҵаша ҳазхәыцып. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аԥхарра ыҟоуп убри азы х-сааҭк нырра дук ҟарҵом", - ҳәа лҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Афатә акәзар афымца дырцәаанӡа иҟарҵоит.

"Ахәыҷқәа хәы ԥхада иаанхом. Афымца дырцәаанӡа ахәы ҟарҵоит. Уи адагьы адизельқәа ахьыҟам агаз балонқәа аархәеит", - лҳәоит Ченгелиаԥҳа.

ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы Аԥсны иахьаҵанакуа  жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит ҳәа аҩуеит аиҿкаара апресс-маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0