Очамчыра иаадыртраны иҟоуп афымцатә хархәагақәа рзауад

© Foto / предоставлено ООО «СИНОТОРГ»Иуникалу афымцатә хархәагақәа рзауад Аԥсны аргылара
Иуникалу афымцатә хархәагақәа рзауад Аԥсны аргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иуникалтәу афымцатә хархәагақәа рзауад аргылара иалацәажәеит жәабран 22 рзы Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы иуникалу афымцатә хархәагақәа рзауад аргылара иалацәажәан. Абри атәы далацәажәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараз аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа.

Азауад аадыртраны иҟоуп Очамчыра араион аҿы.

"Очамчыра араион аҿиаразы аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, амегапроектқәа хԥа шықәсык аҩныҵҟа иӡыраагараны ҳаҟоуп. Урҭ рахьтә руак Очамчыра идыргыло азауад ауп. Раԥхьаӡа акәны иҭҳажьраны ҳаҟоуп атәыла анҭыҵҟа иҳашьҭуа "Аԥсны иҭыжьуп" ҳәа зныло аалыҵ", - ҳәа еиҭеиҳәоит Вахтанг Ԥиԥиа.

Аинвестор, аилахәыра "СИНОТОРГ" атехникатә директор Александр Хилькевич ишиҳәо ала азауад афымцамч азы автономтә шьақәгылақәа ҭнажьлоит.

"Зегь раасҭа ихаданы иҟаҳҵо - афымцамчеизакроуп. Ҳара иҳамоуп адәныҟантә иҳауа киловатк жәантә ашьҭыхра зылшо ахархәагақәа. Ареспублика афымцатә баланс аҳаракра алшоит. Иахьатәи аамҭазы адунеи зегьы абри амҩа иануп", - ҳәа еиҭеиҳәоит аинвестор, аилахәыра "СИНОТОРГ" атехникатә директор Александр Хилькевич.

Сувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum. - Sputnik Аҧсны
Басариа акриптофермақәа рзы: афымцатә ҳақәа анырра ду рнаҭоит

Иара иазгәеиҭеит Аԥсназы ишыфеидоу автономтә енергетика арҿиара, ареспублика амацара ГЕС ма АЕС рыргылара ахьзалымшо азы.

"Ахатә фымцамч арҿиара ареспублика иалшом, убри азы иаанахәоит. Ҳара зегьы амратә енергетика ҳадҳәалоуп. Ҩымш ҵуеит ара ҳаҟоуижьҭеи, ибзианы избоит афымцалашара андырцәо иҟало аҭагылазаашьа. Ареспубликаҿ инарҭбааны амра ахархәара алшоит, уи азы абри ахырхарҭа акыр актуалра аҵоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Хилькевич иажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу азауад аартра Аԥсназы економикала ифеидоуп. Аусуратә ҭыԥқәеи абиуџьет ахь аԥара алагалареи рыдагьы, ахьӡ-аԥша ҳаранакуеит. Раԥхьаӡакәны ареспублика адунеижәларбжьаратә џьармыкьахь ицәырҵуеит абренд "Аԥсны иҭыжьуп" ҳәа анҵаны. Аалыҵ Шьамтәылаҟа ашьҭра ргәы иҭоуп.

Убириа: Аԥсныҟа аенергетикатә инвестициақәа адгалатәуп

"Калугатәи аобласт аҿгьы иҳамоуп абри аҩыза азауад, аха Аԥсны ҵакырала еиҳа иманшәалоуп аекспорт амҩаԥгаразы. Убри азоуп Аԥсны залаҳхыз. Уи адагьы, аиҳабыреи ҳареи ҳаилибакааит", - ҳәа иҳәоит Хилькевич.

Азауад аҿы аусурҭа роур алшоит 250-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Абжьаратә улафахәы 45 000 мааҭ рҟынӡа азыԥхьагәарҭоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0