Валериа Адлеиԥҳа аметро аҿы афлешмоб лхы алалырхәит

Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 5 рзы Кремльтәи ахан асценаҿ имҩаԥысраны иҟоуп ҭаацәада инхаз ахәыҷқәа рзы еиҿкаау жәларбжьаратәи апроект "Ты супер!" асезон ҿыц агәыҳалалратә концерт ала ахацыркра.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Хәажәкыра 5 рзы ҭаацәада инхаз ахәыҷқәа рзы еиҿкаау жәларбжьаратәи апроект "Ты супер!" асезон ҿыц хацыркхоит. Иара аламҭалаз аҽазыҟаҵаратә базахь инеиз уи алахәылацәа аҳҭнықалақь аметро аҿы авокалтә флешмоб мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik.

Амузыкатә проект Ты супер! алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Валериа илыцгәырӷьон

Аметро аҿы адәыӷба шындәықәлаз еиԥш, Кирилл Есин иааҭирҟьаз "Смуглянка" ашәа имылдеит Валериа Адлеиаԥҳа, уи иналышьҭарххны – Диана Анкудинова, Витали Толочкин уҳәа егьырҭ "Ты супер!" алахәылацәагьы ашәа иацырҵеит. Дара акыр рыгәқәа хыҭхыҭуан, избанзар раԥхьаӡакәны асеиԥш иҟаз аексперимент иалахәын.

Апассаџьырцәа алахәылацәа шырдырыз еиԥш, асмартфонқәа рҿы рсахьақәа ҭырхуа иалагеит. Ашәа аҩбатәи акуплет авокалистцәа ҿарацәеи апассаџьырцәеи еицырҳәеит.

Аибашьра аамҭазтәи ашәақәа рынагӡара Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы рзы иҳамҭан.

Жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер!" ателеилахәыра НТВ-и жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik еицымҩаԥыргоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0