Ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

© Foto / МЧС АбхазииАвария в Гулрыпшском районе
Авария в Гулрыпшском районе  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авариа ҟалеит асааҭ 12:20 инарзынаԥшуа амҩа ахьыцәаакыз аҭыԥ аҟны.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит ҳәа Sputnik акорреспондент адырра лырҭеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

Авариа ҟалеит 12 сааҭи 20 минуҭи рзеиԥш, амҩа ахьыцәаакыз аҭыԥ аҟны. 

"Заатәи адыррақәа рыла, автомашьына ВАЗ-2109 аԥсҟы зкыз ареспубликатә трасса "Ԥсоу-Егры" аихҵәара игәы иҭаны, Аҟәаҟа зхы рханы иаауаз, абри аҭагылазаашьаҟны аԥыжәара зҭатәыз амаҵзуратә автотранспорт ҷыда амҩа аимҭеит", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҟны.

Иҟалаз авариа иахҟьаны ВАЗ-2109 арныҟәцаҩи апассаџьыри рыԥсҭазаара иалҵит. Амҩа-транспорттә маҵзура амашьына иақәтәаз аахақәа роуит, ахәыштәырҭахь инагоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0