Шәачатәи атурнир аҿы Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа араӡны медал ргеит

© Фото : HOPES CUPАхәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Леон-Гагра 1"
Ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб Леон-Гагра 1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы атурнир IMERETINKA CUP-2019 мҩаԥысуан Шәача, жәабран 21 - 23 рзы.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Леон-Гагра 1" Шәача имҩаԥысуаз атурнир аҿы араӡны медал анаршьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Георги Арутиунов.

Рафик Багаҭелиа: Аԥсны ашьапылампыл ахәыҷтәы командақәа рыда изыҿиом

2010 шықәса рзы ииз аспортсменцәа ҿарацәа рзы ашьапылампыл азы атурнир IMERETINKA CUP-2019 мҩаԥысуан Шәача, жәабран 21 - 23 рзы. Атурнир иалахәын урыстәылатәи акомандақәа аабеи аԥснытәи акомандақәа ҩбеи.

"Ҳара ҩ-командак – "Леон-Гагра 1", "Леон-Гагра 2" - ықәҳаргылеит. Есыҽны акомандақәа ҩба-ҩба хәмарра мҩаԥыргон. Зынӡа ф-хәмаррак ыҟан. Хә-иааирак ганы афинал ахь ҳнеит. Уа шәачатәи акоманда ҳиааит. Абар уажәшьҭа ҩынтәуп "Леон-Гагра 1" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоижьҭеи", - иҳәоит Арутиунов.

Ҷыдала иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа далкаан "Леон-Гагра 1" ахәмарыҩ Амир Амҷба.

© Foto / Георгий АрутюновАхәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Леон-Гагра 1"
Шәачатәи атурнир аҿы Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа араӡны медал ргеит - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Леон-Гагра 1"

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0