Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Шьоҭа Шәардлаа илахьынҵа шьақәнаргылеит

© Foto / предоставлено Григориев СкворцовымАпроект "Ахьӡ архынҳәра"
Апроект Ахьӡ архынҳәра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҟаԥшьуаҩ ихьӡ зҳәо архивтә документқәа иуацәа рнапаҿы рыҭара ауснагӡатә мҩаԥысит Очымчыра Акультура ахан аҟны жәабран 25 рзы.

АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Шьоҭа Шәардлаа илахьынҵа шьақәнаргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект автор Григори Скворцов.

Арҟаԥшьуаҩ ихьӡ зҳәо архивтә документқәа иуацәа рнапаҿы рыҭара ауснагӡатә мҩаԥысит Очымчыра Акультура ахан аҟны жәабран 25 рзы.

"Иахьа ҳара Кындаӷ ақыҭа ауаҩԥсы Шьоҭа Шәырдлаа иҭаҳцәа архивтә шәҟәқәа раҳҭеит. Шьоҭа аибашьраҿ хабарда дыбжьаӡит. Ҳара иаҳԥыхьашәеит иара изкыз иуникалу анемец архивтә материал. Иԥшаара ҳалагеит. Ишьақәыргылан Беларуссиа, Молодечно ақалақь аҿы иҟаз алагер ахь днанагеит 1941 шықәса рзы ҳәа. Иара убри ашықәс, ԥхынҷкәынмзазы иԥсҭазаара далҵит. Джын иара алагер аҩныҵҟа анышәынҭра № 20 аҿы. Шәырдлаа иашьа иԥа иҳаиҳәеит хымԥада Беларуссиаҟа амҩа дшықәло, иаб иашьа инышәынҭрахь дышнеиуа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Скворцов.

Иара убасгьы Очамчыратәи ашколхәыҷқәа идырбан асахьаркыратә фильм "Т-34".

"Афильм аҿы рыӡбахә ҳәоуп атҟәацәа. Ари атема ҳара иаҳзааигәо ауп", - ҳәа иҳәоит Григори Скворцов.

Куркунава Беслан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: акурсантцәа ргәы ақәкны аус ду иаҿуп

Аԥснытәи апроект "Ахьӡ архынҳәра", Скворцов ишазгәеиҭо ала ареспублика аҳәаақәа ирҭыҵит. Уажәы апроект аҽаднахалоит Шәача ақалақьгьы.

"Шәачеи Адлери рҟынтәи аделегациа ҳҭан. Абарҭ араионқәа рҟынтәи хабарда ибжьаӡыз 84-ҩык рсиа аагеит. Иазыԥхьагәаҭоуп Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа уахь рдәықәҵара архивтә шәҟәқәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа иҳәоит Скворцов.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥшьган Аԥсны атәылахьчара аминистрра алахәхарала.

Иара иахықәкы хаданы иҟоуп 70 шықәса рыҩныҵҟа зхабар ыҟамыз, иахьазы зыӡбахә еилкаахаз атҟәауаа рыуацәа, рҭахцәа рыԥшаара, урҭ рнапаҿы архивтә шәҟәқәа рыҭара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0