Аусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа рбланкқәа Аԥсны иҭрыжьуа иалагоит

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа
Аусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара "Аусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа рформа ашьақәырӷәӷәареи, ахарҭәаара аԥҟареи, аҵәахреи рзы" ақәҵара аднакылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, жәабран 28 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит "Аусураз аршаҳаҭгашәҟәқәа рформа ашьақәырӷәӷәареи, ахарҭәаара аԥҟареи, аҵәахреи рзы".

Руслан Аджба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьба: атәанчахәы ацҵаразы аус зуа зегьы аарԥштәуп

"Аԥсны Аџьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 18 апункт 14 (2016ш., жьҭаара 30) инақәыршәаны, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара адҵа ҟанаҵеит аусураз аршаҳаҭгашәҟәқәа рформеи урҭ рыгәлаҵақәа рформеи шьақәырӷәӷәазарци урҭ рхарҭәаареи рыҵәахреи рыԥҟарақәа шьақәыргылазарци", - иҳәеит Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр Руслан Аџьба.

Ари ақәҵара инақәыршәаны, уаанӡатәи аусуразы аршаҳаҭгашәҟәқәа рҟны иарбоу адыррақәа иашахаҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ҳәа иҳәеит аминистр.

"Ҳара уаанӡа абланкқәа ҳамамызт, иааҳхәон. Уажәы Аԥсны рҭыжьра ҳалагоит, аԥсышәалеи урысшәалеи ихарҭәааны, изыхәҭоу официалла ираҳҭалоит", - иҳәеит аԥыза-министр Валери Бганба.

Ақәҵара инақәыршәаны, Афинансқәа рминистрра 2019 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аршаҳаҭгашәҟәқәеи урҭ рыгәлаҵақәеи рформақәа шьақәдыргылароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0