"Россельхозцентр" Аԥсны арасашьаҭақәа рыхәышәтәра ацхыраара азнауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны арасашьаҭақәа
Аԥсны арасашьаҭақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи урыстәылатәи рколлегацәеи аилацәажәара рыман ақыҭанхамҩатә усқәа рганахьала.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Россельхозцентр" афилиал ахада ихаҭыԥуаҩ Григори Заднепровски Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрраҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы иҳәеит Аԥсны арасашьаҭақәа рыхәышәтәразы ацхыраара ишазыхиоу.

"Аҳәара ҟасҵоит Аԥсны изызҳауа арасашьаҭақәа рыхьчаразы амикробиологиатә хәшәқәа рхархәара алҳаршарц", - иҳәеит иара.

"Россельхозцентр" арасашьаҭақәа рыхәышәтәра иазыхиоуп сынтәазы.

Кәарҷиа: анхаҩы ихы зланыҟәиго ақыҭанхамҩатә культурақәа хьчазароуп

"Ҳара ҳазыхиоуп апроблема 70-80% аӡбара", - иҳәеит иара.

Уаанӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр иҳәахьан жәа-нызқь гектар инареиҳаны иҟоу арасаҭрақәа рҿы арасашьаҭа шықәсык ахь ианеиҵаха ԥшьынтә ихәышәтәтәуп ҳәа. Иара иазгәеиҭеит 2018 шықәса рзы анхацәа аҽаҩра рмоуит арасашьаҭақәа рчымазара иахҟьаны ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0