Аԥсҭазаара ахаара азҭо

© Sputnik / Илона ХварцкияУчастница танцевального ансамбля. Архивное фото
Участница танцевального ансамбля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны аԥсуаа рҟны аҳәса иааныркыло аҭыԥ азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Рҽеиҭнырыԥсахлоит ашықәс аамҭақәа. Аӡын наҟ инаскьаганы ишааиз ахы ҳнардыруеит игәыҟаҵагоу ааԥын. Иҿыхоит аԥсабара, ашәаԥыџьаԥ илыргоит абыӷьқәа. Еибарҷырҷыруа ашәа хаақәа рҳәоит аҵарақәа. Амш иацлоит, амра шәахәақәа ракәзар, хаа-хаа адгьыл агәышҵа дырԥхоит.

Ааԥын раԥхьатәи амза иацны иааиуеит Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа хәажәкыра ааба. Ари амш аҽны анацәа, андуцәа, аиаҳәшьцәа, аҭыԥҳацәа ашәҭ шьыҵәрақәа ҳамҭас ирырҭоит, ирыдыркылоит адныҳәаларақәа. Аҳәса рымшныҳәа адунеи атәылақәа рҟны иазгәарҭоижьҭеи акрааҵуеит. Изыбзоуроугьы ҷыдала аҳәса рзинқәеи, урҭ рҭагылазаашьа аиӷьтәреи азы иқәԥоз анемец ԥҳәызба Клара Цеткин лоуп.

Сбор меда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа

Иара хәажәкырамза уажәы-уажәы аҽахьеиҭанакуеи, алеишәа ахьыцәгьоуи инаҿырԥшшәа аҳәса ирхыхәмарны ахацәа лафны ирҳәалоит "март мза еиԥш шәҽеиҭашәкуеит" ҳәа.

Иазгәаумҭар залшом, аԥсуаа рҿы аҳәса жәытәаахыс пату шрықәу. Уи ус шакәыз арҵабыргуеит ижәытәӡатәиу доуҳатә ҭынха дуны ҳажәлар ирымоу Нарҭаа репос. Аепос аҿы аҳәса рхаҿсахьақәа шырацәамгьы, урҭ даара ихаҭәаауп. Саҭанеи-Гәашьа Нарҭаа ашәҩык ран, зҳәатәы иахымԥо, зҿахәы наӡо, адоуҳа змоу ԥҳәысны даарԥшуп. Аԥшӡара иасимволу Гәында-ԥшӡа, илыхӡыӡаауа, баҩлашала ддырчон.

Аԥсуа мифологиаҿгьы аԥҳәыс лаҳаракыра аазырԥшуа аҭынхақәа ираԥхьагылоуп аҳәса-нцәахәқәа рырацәара, иаагозар: Анана-Гәында, Саунау, Џаџа, Ӡыӡлан, уҳәа. Урҭ анцәахәқәа рыӡбахә ҳажәлар ибзианы ирдыруеит.

Аԥҳәыс, ан лоуп ахәышҭаара еиқәзырхо, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зааӡо, уаҵәтәи амш зыбзоуроу. Ан – зегь реиҳа згәы разу, знапқәеи зҿабызшәи хаау аӡә лакәны дыҟоуп. Ан илеиӷьу акгьы зыҟалом, аӡәгьы дзыҟалом ахшара изы – рыԥсҭазаара ахаара алҭоит.

Ан длеиԥшныршьалоит арҵаҩгьы, еиҵагыло абиԥара рааӡааҿы, аҵара дырҵаразы аԥхӡаша казҭәо. Уи аҭыԥ ӷәӷәа аанылкылоит ахәыҷы ихаҭара ашьақәгылараҿы.

Мама с ребенком - Sputnik Аҧсны
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа

Ан лахь иҟоу аҳаҭыр ҳаракы рнубаалоит аԥсуа жәаԥҟақәеи аҳәамҭақәеи: Ан лгәыҭбаара ахрақәа реиҳа иҳаракуп; Ан лгәыҭбаара лычҳара иалҵшәоуп; Зан дзыпҟо шәира иҭахӡам; Ан бааԥсы дыҟам; Уан бзиа дубозар, аӡә иан думыцәҳан; Ан лнапы иагьа иҿацазаргь, ахшара рзы ихаауп; Зан дказыжьыз анышәынҭрагьы дазыҵәахуам; Ан илыхшаз гра имаӡам; Ан лнап ҭыԥ ахшара инылаӡом; Ан лҳак жәа-гәыжьк ирызгом.

Аларҵәара амоуп даҽа жәаԥҟакгьы "Ан лышәи ахшара дагом", ма "Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам". Аиашазы, ан еснагь лыхшара ирзеиӷьхара дашьҭоуп, урҭ драцәҳаргьы, лгәы аныԥжәалак илшәиргьы дара бзиахарц азоуп изыҟалҵо, даҽа ҵаҵӷәык амаӡам.

Аҵарауаҩ Артур Аншба хыхь зыӡбахә ҳәоу ажәаԥҟа иашьашәалоу аҳәамҭа хазына аниҵахьан: "Аӡәы иԥҳәыс дацәнымхаратәы дычмазҩын. Лыԥсраамҭа данхықәгыла, ус иалҳәеит лхаҵа. – Сара санԥслак, иага сугәырҩаргьы, знымзар зны ԥҳәыс дааумгар залшом. Аԥҳәыс иаауго сара сеиԥш ҳаҷкәын лгәы изыбылуа, дылҭаххауа дҟалашам. Дизгәааны диацәҳар, длыпҟар ҟалоит. Суҳәоит, санԥслак снапы хҵәаны, ацәа ақәыршәны, иҭаӡахны, џьара икнаҳа. Иаауго аԥҳәыс аҷкәын длыпҟозар, снапы ихҵәаны иҟоу ала дылпҟааит!

Иԥҳәыс данԥсы ашьҭахь илҳәаз ауасиаҭ наигӡеит, ишылҳәазгьы иагьыҟалеит. Ахаҵеиба иааигаз аԥҳәыс лԥаԥса ипҟара даналага, дикьысаанӡа иҽиргәыӷьуан. Ари збаз лыԥшәма ус иҳәеит:

– Аҷкәын дыбпҟозар, абри икнаҳау ала дыпҟа, – ҳәа.

Ҽнак данизгәаа, лхаҵа илирбаз ала аҷкәын ипҟара далагеит. Ӷәӷәалагьы длыпҟеит. Анԥса еиҳагьы дзыраапкуаз, аҷкәын ахьҿимҭуаз, аҟыт ахьимҳәоз акәын. Иџьашьаны лхаҵа дизҵааит:

– Измааноузеи уи? – ҳәа.

Ахаҵа убыс аҭак лиҭеит:

– Уи зыбзоуроу дызлабыпҟоу ауп. Уи иан лнапоуп, ан лнапы аҷкәын дашьуам, – иҳәеит".

Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам ҳәа ирҳәо ажәаԥҟагьы абри аҳәамҭа иахылҿиааит.

Иара убасгьы, сгәы исыҵанаҳәоит, аҳәса рыԥшӡара гәылзмыршәац поетк дҟаларым ҳәа. Уаареилаҳартә иҟоуп Дырмит Гәлиа ажәа лыԥшаахқәа ззикуа "хахәы рҳәы аԥҳәызбеи", "арԥар шьахәцәа зышьҭоу маахырблеи". Шәазхәыци, дышԥассиру Баграт Шьынқәба "икәафҭа шкәакәа", "арахь бааԥши, ахцәы қамыз" ззиҳәауа, мамзаргьы "ага иҭынчу дныҽԥынгылан" дзызхәыцуа аҭыԥҳа. Ас еиԥш иҟоу игәыҟаҵагоу аиҿырԥшрақәа ҵыхәаԥҵәара рымам. Аԥшӡара адагьы аҭыԥҳацәа ирылоуп абаа хызжәо агәаӷьра.

Набережная  - Sputnik Аҧсны
Иҟалааит аԥҳәыс анасыԥ лызҭо ахацәа…

Алитератураҿы ҳзышьцылахьоу, Камаҷыҷи Баалоуԥҳа Мадинеи реиԥш иаҳхаҳгаз аибашьраҿы хаҵарыла зхы мҩаԥызгаз анацәа, аҳәса, аҭыԥҳацәа рацәаӡоуп. Урҭ рхы зыхҭнырҵаз рыԥсадгьыл аҭоурых наунагӡа хьтәы нбанла иануп.

Иахьагьы аԥҳәыс ахәышҭаара дасимволны дыҟоуп. Аха аҩны адагьы уажәтәи аҳәса ирымоуп аҭагылазаашьа, аҩни аҵарадырреи реилагӡара. Азанааҭ аиуреи, уи ҟазарыла азнеиреи. Аԥсҭазаара ганрацәала алахәра аҭаацәара иаԥырхагамкәа. Жәаҳәарада, уи ус имариаӡам, аха агәаҳәара анумоу иулумыршо иарбан!

Сажәақәа хыркәшауа, аҳәса, аҭыԥҳацәа зегьы ишәыдысныҳәалар сҭахуп иахьатәи аныҳәа. Шәнапы злаку аусқәа шәықәманшәалахо, шәыгәҭакқәа наӡо. Ажәҵарақәа ааԥын ааира ишеигәырӷьо еиԥш шәлахҿыхӡа, шәхы шәалагәырӷьо шәыҟазааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0