"Аԥсуа Есенин": Иуа Коӷониа диижьҭеи 115 шықәса ҵит

© Foto / архив семьи Когония Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи
Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Шарԥыеҵәа еиԥш инҩыҵхахаз, хәылԥыеҵәеиԥш иҭашәаз" ҳәа ззырҳәаз апоет қәрахьымӡа Иуа Абас-иԥа Коӷониа диижьҭеи 115 шықәса ҵит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Даара бзиа, ирӷәӷәа идәықәлаз…

"Иуа Коӷониа аԥсуа литература қәыԥш даалагылеит иаразнак, иаакылҟьаз амреиԥш… Иара иқәра ззымдыруа ипоемақәа аашьҭыхны данрыԥхьалак, арҭ зҩыз 21-22 шықәса ирҭагылаз иакәым, аԥсҭазаараҿы аԥышәа ду змоу, ашәҟәыҩҩраҿы знапы ԥҽхьоу аӡә иоуп ҳәа игәы иаанамгар залшом", - абас иҩуан 1969 шықәсазы Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба апоет-агәлымҵәах изкны.

Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара

Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит инамӡаша асаби агара дазкуам ҳәа. Ҵабыргыҵәҟьаны, Иуа Абас-иԥа Коӷониа зааӡатәи ирҿиарагьы ҳахәаԥшуазар, ицәаҳәақәа иргәылжжуа ажәытәра ахаара-бзаара, дызлаҩуа абызшәа абеиара уҳәа, аҿара акәым узызхьадырԥшуа: урҭ ухаҿы иааргоит шықәсы рацәала аԥсуаа рдоуҳатә ԥсҭазаара иарҿиоз аепикатә сахьақәа. Убри аҟнытә иазгәаҭатәуп апоет қәыԥш цәеижьлатәи иқәра аасҭа доуҳала кыр дшеиҳабхахьаз, даҽакала иуҳәар ауазар "заанаҵы иқәра дшахажәаахьаз". Абри азоуп Иуа Абас-иԥа Коӷониа аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рыгәҭаны иҷыдоу аҭыԥгьы зникыло.

Валентин Коӷониа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Валентин Коӷониа: сыԥсҭазаараҿы Иуа Коӷониа идоуҳа иаӡбаз рацәоуп

Излаилшазеи апоет қәыԥш кыр шәышықәса зхыҵуа аԥсуа епикатә хдырра дагәылԥшны поезиатә ажәала аарԥшра? Илазҵазеи абри аҩыза ацәаҩа? Арҭ азҵаарақәа рҭак аиуразы, хымԥада апоет қәрахьымӡа ирҿиара иахыҵхырҭоу ихәыҷрашықәсқәа ирзааҭгылатәуп.

Ахыҵхырҭақәа

"Ҳара ҳҭаацәара дуун. Саб иаҳҳәшьцәа зегь раасҭа Иуа даныхәыҷыз инаркны реиҳа бзиа дибон Хамжәажә, - илгәалалыршәоит апоет иаҳәшьа - уамашәаҵәҟьа ибзиан Хамжәажә лгәалашәара. Зегь раԥхьаӡагьы уи лахьтә ауп Иуа алакәқәеи ажәабжьқәеи иаҳауа дахьалагаз…" - арҭ ацәаҳәақәа Магәа Коӷониаԥҳа-Маан илҳәамҭаны 1964 шықәсазы ианиҵеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа.

Ари анҵамҭаҿы ҳара зеиԥшла иаҳбар ҳалшоит аеҳәшьа гәакьа лыблала иаарԥшу, апоет гәлымҵәах зааӡатәи ипоезиа еиԥш идунеихәаԥшышьагьы шьақәзыргылоз, дызлиаауаз аилазаара асахьа. Насгьы Иуа иҟазшьа далацәажәо, лара илҳәоит уи акырӡа ишыԥшқаз, атәымџьара моу , аҩнгьы ахаан ибжьы неиҵыхны гәамҵрак шинымԥшыцыз. Ажәакала, Иуа данхәыҷыз аахысгьы иҩнуҵҟа ишьақәгылон "згәы ааигәа икыдыз" , лассы зегьы зныруаз апоет ихаҭара.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥҳазоу: арҿиаразы амч сызҭаз Иуа Коӷониа иҩымҭақәа роуп

Аиашьа ихьаа зыжәҩа иқәыӷәӷәоз Магәа Коӷониаԥҳа илҳәамҭоу ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа ианҵамҭа аҵыхәан иаарԥшуп Иуа иԥсҭазаара даналҵуаз ауха:

"Аҵх ашарахь еихон. Иуа ҭынч илацәа шеиқәыԥсаз еиқәыԥсан. Сара, иԥсыԥ алагаҩагара даҟәыҵма ҳәа сшәаны, ԥшьаала даасырҵысуан. Аҵыхәтәан дансырҵысы, - "Бара, бара бзыцәшәозеи?" - ҳәа ибжьы нарҟәӡаны иааиргеит. Арҭ ажәақәа Иуа аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын".

Жәлар "рбыкь"

Кыр шықәса Иуа Коӷониа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ҭҵааны 2015 шықәсазы иҭыҵыз иара иажәеинраалақәеи изкыз анҵамҭақәеи реизга еиқәзыршәаз Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит апоет-агәлымҵәах дызлиааз аамҭа иҩымҭақәа рыла ишақәҿиҭуаз.

"Иуа Коӷониа дызлиааз фырхаҵаратә аамҭан. Иара иҭаххеит уи аамҭа иацирӷызыр абахәаԥшь иаҩызаз иепика ала. Уи ипоемақәа доуҳала иҳаракӡоуп. Иаҳҳәап апоема "Абаҭаа Беслан" злаҩу амотив мрагыларатәи апоезиаҿы акәыз, мраҭашәаратәи апоезиаҿы акәыз, имаҷымкәа иаҳԥылоит. Ҳәарада, аҩымҭа атема акырӡа аҵанакуеит, аха зегьы ирыцку уи шааурԥшуа, цәеижьс ирхауҵо, исахьарку ажәала ишуҩычо ауп" - иҳәеит иара.

Мушьни Таи-иԥа иара убас иазгәеиҭеит, усҟантәи аамҭазы аларҵәара змаз аҿатә аамҭа азышәаҳәара "алыхәҭа ҟаԥшь икылхны" аҩымҭақәа раԥҵара "амода" зынӡаскгьы Иуа Коӷониа ишихьымсыз.

"Ажәлар рҿы иааҭшәаз, шааҭшәаз абӷьыцахь ианиҵеит, аха иреиҳаӡоу ҩаӡарала еибыҭаны, ирхианы. Абырлаш амҩан икаршәны иубаргьы, аҳәынҵәа илакәаҳаны уцоит, иара шакәу уздырӡом. Аха аҟазаҵәҟьа уи гәеиҭоит, ишахәҭоу аус адуланы ауаа рахь ицәыригоит. Иуа Коӷониагьы убасҵәҟьа жәлар рҳәамҭақәа уаҩы ихаҿы инхо, илахь иааиуа, абырлаш еиԥш иблахкыгаха архиашьа дақәшәон" - иҳәеит иара.

Гыцба: Иуа Коӷониа ирҿиамҭақәа рбызшәа, ижәлар рбызшәа иазааигәуп

Насгьы апоет-академик агәынамӡара ду ааирԥшит Иуа Коӷониа ибаҟа иахәҭоу ахылаԥшра ахьамам, агәаларшәаратә рыцхәқәа рзы ауаажәлар шамахамзар аҭаара иахьаҟәыҵыз азы.

Апоет Иуа Коӷониа 24 шықәса заҵәык роуп иниҵыз. Уи аамҭа иалагӡаны иҭынхаз шмаҷымгьы, издыруада заҟа ҩымҭа ссир аԥиҵараны дыҟаз, аԥсуа милаҭтә литература заҟа ирбеиашаз? Аха, ҳәарада, ахыԥхьаӡара акәым ихадоу. Ахьгьы маҷуп, аха хәба ицоит рҳәоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0