КВН Аԥсуа премиер-лига афинал иазку апресс-конференциа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Константин ГрецовАԥсуа примиер-лига
Аԥсуа примиер-лига - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 29 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп КВН Аԥсуа примиер-лига афинал иазку апресс-конференциа.

КВН Аԥсуа премиер-лига асезон амҩаԥысшьа далацәажәоит ашоу апродиусер хада Михаил Гагулиа. Ахәмарра афинал мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 1 азы.

Апресс-конференциа иалахәуп: алига апродиусер хада Михаил Гагулиа.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит хәажәкыра 29 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп КВН Аԥсуа примиер-лига афинал иазку апресс-конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гудоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәаз аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com

Иара убасгьы азҵаарақәа рыҭира ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0