Асҭамыр Ҭарба Аԥсны ахадас аҟалараз алхрақәа дышрылахәхо атәы иҳәеит

© Foto / Screenshot: Абаза-ТВАстамур Тарба
Астамур Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса рашәара 25 инаркны ԥхынгәы 25 рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Абизнесмен Асҭамыр Ҭарба алхрақәа дышрылахәхо атәы азгәеиҭеит ателеилахәыра "Абаза-ТВ" аефир аҿы.

Ҭарба игәаанагарала Аԥсны иахьазы иазымхо акзаара аполитикатә партиақәа ирыдҳәалам ауаҩы иазирхынҳәыр ҟалоит.

"Абри азоуп сара атәыла ахадак иҳасаб ала схы ықәсыргыларц аӡбра зсыдыскылаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Асҭамыр Ҭарба 15 шықәса раԥхьа аполитика ааныжьны абизнес инапы алеикит.

"Сара аҽа политикатә принципқәоуп исымоу. Аха атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа зегь ҳрыҵаркуеит. Сара уи азы сгәаанагара атәы салацәажәон аиҳабыра рҿы аус зуа рҿоума еиуеиԥшым аусбарҭақәа русзуҩцәа рҿоума. Сара исбарҭан аполитикатә партиақәа роума, аиҿкаарақәа роума иԥшӡаны рцәажәара массала атәылауаа шрыҵарымкуаз. Абарҭ апроцессқәа роуп иахьазы аиҳабыра рахь агәрамгара цәырызгаз. Еиҳагьы ирыцҳароу ҳара ҳара ҳагәреибамгарагьы цәырыргеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Асҭамыр Ҭарба диит ажьырныҳәа 13 1961 шықәса рзы, Аҟәа. 1983 шықәса рзы Қырҭтәылатәи ақыҭанхамҩатә институт, атехнологиатә факультет далгеит. Аус иуан Лыхнытәи ачаифабрикаҿы технологс.

1990 – 1992 шықәсқәа рзы анаплакратә усура далахәын. 1992 шықәса лаҵарамза инаркны Гәдоуҭа араион анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 1992 шықәса нанҳәамза 15 инаркны аибашьра далагылан. 1993 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан. 1993 шықәса цәыббрамза инаркны 1999 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа Аԥсны АШәМ ахантәаҩыс дыҟан.

2000 – 2003 шықәсқәа рзы Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 2003 – 2004 шықәсқәа рзы Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса рашәара 25 инаркны ԥхынгәы 25 рҟынӡа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0