"Ақәранҵыра асимвол", мамзаргьы аџьҵлазы азгәаҭарақәак

CC0 / / Аџьҵла
Аџьҵла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы акырӡа аҵанакуеит ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ркульт. Ауаҩы икәша-мыкәша иибоз аиаҵәара аԥсы ахоуп, иԥсабаратәым мчыкгьы рылоуп ҳәа иԥхьаӡан. Ас еиԥш иҟаз агәаанагарақәа рӷьырак ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылганы ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит. Аҵлақәа ирызку лазгәаҭарақәа ҩаԥхьа иҳадылгалоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҵлақәа реихшара

Аҵлақәа, ашәаԥыџьаԥ ҳаҭырқәҵарыла нцәахәқәас иԥхьаӡаны иахьрымҵаныҳәоз машәыршақә иҟамлеит.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы жәынгьы-ҿангьы аҵла ароль ду нанагӡоит. Аҵла ауаҩы инаҭоит аԥхарра, еиуеиԥшым амаҭәахәқәа алихуеит, аҵла иҿалоит ауаҩы иифаша ашәырқәа.

Традициала аҵлақәа ршоит ҩ-гәыԥкны. Актәи агәыԥ иаҵанакуеит иҵоуроу-иԥшьоу, аҩбатәи агәыԥ - иҵоурам-зымшьҭа цәгьоу. Инасыԥу, иҵоуроу аҵлақәа ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит: аҭәа, араса, ара, ахьаца, алакәымҳа, аӡахәа, ахәажә, ашә, алаҳа, аҵәасса, аҳа. Иҽеим, иҵоурам ҵлақәоуп: аҷандар, аӷш, аԥслыш уҳәа убас иҵегьы.

Ақәранҵыра асимвол

Ара еиқәыԥхьаӡаз аҵлақәа ирыланы иаабаӡом аџь, аха уи ус баша иҟамлаӡеит. Избанзар, аџь азы аԥсуаа ргәаанагара еиуеиԥшым.

Ахьаца - Sputnik Аҧсны
"Аҵла цқьа" ҳәа изышьҭоу ахьаца

Адунеи аҿы аџьҵлақәа ԥшьышәи ҩынҩажәи жәаба хкы ыҟоуп. Аџь зықәранҵыра дуу ҵлоуп, уи зқьы шықәса инареиҳаны иннаҵыр алшоит. Ҩ-нызқь шықәса инарҭысыз аџьҵлақәагьы уԥылар ҟалоит.

Аџьҵла абас еиԥш иамоу аҟазшьақәа инарҿырԥшны аӷәӷәара, амч-алша, аԥсуа иқәра ду иашьананы иахәаԥшуеит. Еицырдыруа аԥсуа поет Кәымф Ломиа иажәеинраала "Аџь" аҿы ари аҵла аҟазшьа аарԥшразы иааигоит абри аҩыза ацәаҳәақәа:

"Иахыҵуа издыруам аӡәымзар,

Ирыздыруам ашәаԥыџьаԥ, арахә, аԥсаа.

Иахыҵҵәҟьо, аиаша шәҭахызар,

Изықәгылоу адгьыл шәазҵаа!"

Иҵоуроу аҵиаа аҳасабала

Аԥсуаа ҳҿы аџьҵла азҿлымҳара ду аман. Ганкахьала, аџь нцәахәыртәуан, иара амҵан аԥсуа жәлақәа жәпакы ныҳәарҭа ҭыԥс ирыман.

Ал - Sputnik Аҧсны
Згәы разу: аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла

Иаагозар, афольклорист Сергеи Лад-иԥа Зыхәба инҵамҭақәа рҿы иаирбоит Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан "Бармышь аџь" ҳәа изышьҭаз аџьҵла амҵан ақыҭа зегьы реизарақәа ишрымҩаԥгарҭаз.

Очамчыра араион Елыр ақыҭан аҵарауаҩ иҟаиҵаз анҵамҭа излаҳәо ала, Зыхәаа рныҳәарақәа ианагь аџь амҵан имҩаԥысуан.

Аџь ахьӡала иршьуан ақыжә, идырхион ахәажәақәа, ацәашьқәа адыркуан. Ашьтәашьыра, ахәажәаҟаҵара уҳәа ари аныҳәара иаҭахыз амарҭхәқәа зегьы изымҵаныҳәараны иҟоу аџь азааигәара идырхион.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

Аџь амҵан ма иԥшьаз аџьраҿы ақәра ажьира анықәра аасҭа амч амоуп ҳәа анырыԥхьаӡоз аамҭа ыҟан. Аԥсуаа рҟны еиԥшҵәҟьа, адыгаа рҿгьы аџь иԥшьоу ҵиаауп.

Ажәа "аџь" зышьаҭа иалалаз аҭыԥхьӡқәеи ажәлақәеи рацәоуп, иаагозар аҭыԥхьыӡқәа: Аџьажә (ақыҭа Арасаӡыхь), Аџьрахә (ақыҭа Калдахәара), Џьанҭоу (ақыҭа Тҟәарчал); ажәлақәа – Аџьба, Џьапуа.

Аџь аҵоурамра

Даҽа ганкахьала ҳахәаԥшуазар, аџь иацәшәон. Уи ахьгылоу акәша-мыкәша аҩсҭаацәа, аџьнышцәа иреизарҭоуп рҳәон. Убасгьы, аџь ҵла ӷәӷәоуп азы аҩсҭаа далаланы иҽиҵәахуеит, убри азоуп аџь лассы-лассы афы засуа ҳәа азырҳәон.

Ажәытәан аԥсуаа аџь амҵан акәым, ааигәарагьы арахә рхьомызт, уи ааигәа ажәхьара уалагар, ажә шарылоит, ма ахш канаҭәоит ҳәа рыԥхьаӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0