Sputnik аҿы актәи ацхыраара аҟаҵашьазы амастер-класс мҩаԥган

CC0 / / Первая помощь
Первая помощь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи ацхыраара шыҟаҵатәу, уи цәшәарақәас иацу уҳәа ртәы Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны АҶА амедицинатә иаҳәшьа Александра Лозоваиа.

Сариа Кәарацхьиаԥҳа, Sputnik

Акурорттә сезон аатра мызқәак роуп иагу. Аԥсшьаҩцәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ианрықәшәо ыҟоуп. Ацхыраара ласы ааиаанӡа раԥхьатәи ацхыраара аныҟаҵатәу ыҟоуп, аха уи аҭакԥхықәра ацуп.

Аслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа Аԥсныҟа иаагоу ацхыраара лас амашьынақәа рзы: ҳусура арццакуеит

Акурс "Ацхыраара лас ауаажәларра рзы" амҩаԥгаҩ Александра Лозоваиа еиҭалҳәеит ақалақь иаҵанакуа амшын аԥшаҳәеи аҟәарақәеи рҿы аиқәырхаратә гәыԥқәа шмаҷу.

"Сгәалашәараҿы иаанхеит сыла ишабоз ауаа аныӡааҟәрылоз. Аха убри аан иӡааҟәрыло иркыша ак рзыршәтәуп, рыцхырааразы рааигәа анеира шәарҭоуп", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы еиҿкаауп ацхырааратә гәыԥқәа. Урҭ амшын аҿы иӡааҟәрылои ашьхарахь ибжьаӡуеи реиқәырхара иазхоуп. Аха зны-зынла ауаа иаразнакы ацхыраара рыҭалатәуп.

АҶА амедицинатә иеиҳәшьа Индира Амҷыԥҳа лажәақәа рыла иҟалалоит ацхыраара ҟазҵо ихаҭа данҭахо.

"Иҟаҵатәыҵәҟьоу узымдыруазар, уҽацәхьоукыр еиҳа еиӷьуп. Иҟоуп аԥҟарақәа хымԥада узықәныҟәаша. Уи адагьы ацхыраара аныҟауҵо ухаҭа ухы ашәарҭара иҭоумыргылароуп", - ҳәа азгәалҭоит Амҷыԥҳа.

Актәи ацхыраара аҟаҵаразы иудыруазароуп ашьа шаанкылатәу, иԥсабаратәымкәа аԥсыԥ алагаҩагара ишаларгатәу, адеисра шгәаҭатәу.

"Ауаҩы иԥсы ҭоу-иҭаму агәаҭаразы идеисра гәаҭатәуп, иблагә алашара шаныруа еилыргатәуп, ашьаанкылараз ииашан амахәааҷ ақәҵатәуп", - ҳәа лҳәоит лара.

"Ацхыраара лас" ҿыцқәа Аԥсныҟа иааргеит

Акурс "Ацхыраара лас ауаажәларра рзы" амҩаԥгаҩ Александра Лозоваиа илҳәоит актәи ацхыраареи амедицинатә цхыраареи шеилагатәым.

Лазоваиа лажәақәа рыла, иаҳҳәап ашьа цозар – иаанкылатәуп, ацхыраара лас неиаанӡа ауаҩы дымшьабартә аҭагылазаашьа иҭатәуп.

Sputnik аҿтәи апресс-конференциаҿ акурс "Ацхыраара лас ауаажәларра рзы" амҩаԥгаҩ Александра Лозоваиа амастер-класс мҩаԥылгеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0