Знапала ацех зыргылаз: Баслахәтәи аишьцәа Дохнаӡиаа рҭоурых

© Foto / Аинар ЧытанааБаслахә ақыҭа
Баслахә ақыҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭан инхо аишьцәа Дохнаӡиаа еиҿыркааит рхатәы наплак маҷ. Дара рнапала еизыргаз амеханикатә мыругақәа рыла иҭрыжьуа иреиуоуп аргыларатә блокқәа, атротуартә плитақәа, агәара аанда амаҭәахә уҳәа. Анаплакҩцәа русура шцо еиликаарц ацех даҭааит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Акрызуз – иоуп акрызфо

Ацех уазааигәахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иааигәахоит еилашуа аусура абжьқәа. Аҩналарҭаҿы игылоу абетон арҩынтга ааԥсарада аффаҳәа агьежьра иаҿуп. Уи аус аныҟанаҵалак, аԥсы ашьонаҵы иаҿалоит анаҩстәи амыруга – ақәыӷәӷәаратә мчы ахархәарала ақьырмыт ҟазҵо. Убри ашьҭахь ари аусуратә еимхәыц аҟны анаҩстәи ашьаҿа зтәу, ихиоу ақьырмыт зыршьшьо амашьына ауп. Иаргьы егьырҭ амыругақәа реиԥшҵәҟьа ацех аԥшәмацәа рнапала еизыргеит.

© Foto / Аинар ЧытанааБаслахә ақыҭан инхо аишьцәа Дохнаӡиаа
Знапала ацех зыргылаз: Баслахәтәи аишьцәа Дохнаӡиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Баслахә ақыҭан инхо аишьцәа Дохнаӡиаа

Аишьцәа Дохнаӡиаа изларҳәаз ала акрааҵуеит амеханикатә мыругақәа реибыҭара, русушьа агәаҭара аинтерес рызцәырҵижьҭеи. Аинтернет хархәагақәа рыбзоурала ари аинтерес аԥсҭазаара аҭарагьы алыршахеит. Избан акәзар асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәоуп иуҵарц иуҭаху иарбанызаалак аҟны ахы уқәызҵаша, акы уеилзыркааша аматериал. Еиуеиԥшым асхемақәа рыла амыруга шеизгалатәу ҭҵаауа, аишьцәа ирызгәамҭаӡакәа ари аидеиа иагәыланахалан, рхатә цех хәыҷы аиҿкаара аҟынӡагьы инаӡеит.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

"Аҩны иҳамаз, ма баша џьара иҳамԥыхьашәоз аихаҷамаҷа еидгаланы еибаҳҭеит раԥхьатәи амыруга. Аха раԥхьатәи ашьаҿақәа ма аццакра иахҟьаны, ма џьара ҭагылазаашьак иахҟьаны ианыманшәаламхо ҟалалоит. Убас ҳаргьы ҳмыруга раԥхьатәи авариант ҳара иахьынӡаҳҭахыз ахархәара маншәалахартә изыҟамлеит" - игәалаиршәоит Аслан Дохнаӡе.

Иара излазгәеиҭаз ала уи раԥхьатәи "рырҿиамҭа" мыцхәы аџьабаа ацын, арахь ахы зыҭнагомызт. Аслан иажәақәа рыла уи атехнололгиа ажәхьан, аха иарала изалагаз - маҷк имҩақәнаҵарц, рԥышәа еизнарҳарц азы ауп. Анаҩс дара шьаҭанкыла русушьа рыԥсахит еиҳа аџьабаа иагзырхашаз, насгьы алҵшәагьы иацызҵашаз атехнологиа ала.

Аскульптор иҟазарҭаҟны

Уа избада, уа изаҳада?

Иазгәаҭатәуп аишьцәа Дохнаӡиаа шықәсқәак раԥхьа ари анаплакы рҽазыркырц анырыӡба, ацех Очамчыра ақалақь аҟны ишаадыртыз. Уахь ииаган рмыругақәагьы. Ахаа аамҭа маҷк анабжьыс дара ирныԥшуа иалагеит еиуеиԥшым ауадаҩрақәа. Имариаӡоу ҿырԥштәыс иааҳгар ауеит амҩа. Баслахәнтәи Очамчыраҟа есыҽны ицаны-аара, иаарԥсыҽшәа иуҳәозар, рацәак иманшәалаӡам. Насгьы ақалақь аҟны ауаҩы иаалыҵ ибла иахьамбо аныжьрагьы иҭаххаӡом. Убри аҟнытә иӡбан ацех аҭыӡҭыԥ дырҩеигь Баслахәҟа архынҳәра.

"Ара ҳара иҳамоуп алшара ианааҳҭаххалак аусуразы. Аҩны азааигәара зегьы ҳамоуп, хара ицатәым, иаатәым. Аха ақалақь ҳахьацәыхароу аҟынтәигьы ҳаалыҵ аларҵәаразы, ауаа рыдгаларазы, аӡыргаразы иманшәалаӡам. Ари аҩыза аус уанаҿу иҟауҵо ахаҭабзиара ацклаԥшра адагьы ауаа рызнагашьа уақәшәароуп, мамзар уџьабаа зегьы аӡы иауҭеит ауп иаанаго. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны ҳара иаҳҳәароуп иахьазы аӡыргараҿы аиҵахарақәа шҳамоу. Убри ҳусура кыр еиҵанархоит" - иазгәаиҭеит Аслан.

Ҳәарада ацех амыругақәа мацара рыла аус зауӡом, уи еснагь иаҭахуп абӷанҷ, ацемент реиԥш иҟоу аргыларатә маҭәахәқәа. Абарҭқәа зегьы аишьцәа рхатә харџь ала иаархәоит. Ацхырааразы џьара ҳәынҭқарратә органк, мамзаргьы икоммерциатәу усбарҭак шәадымҵаалаӡаци ҳәа санразҵаа, азныказы иагьааԥышәарччеит. Дара имӡакәа ирҳәеит уи аҩыза аҽазышәарақәа уамак феида шрылам, азныказы аӡәы ацхыраара уиҭаӡаргьы – наҟ ҩбаны ишиҭаххо. Убри аҟнытә аишьцәа ирыӡбеит аӡәы инапы ианымԥшылакәа рхатәымчқәа рыла аус руларц.

Аслан Кәыркәнаа  - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа

Левани Аслани рашьеиҵбы Лаша, Воронеж, амедицинатә хырхарҭа ала иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дҭоуп. Иара иҵара иҽахаршәаланы иашьцәа ирзааиҭиуеит русураҿы ирыхәаша еиуеиԥшым амаҭәахә. Иаҳҳәап, лассы-лассы Воронежнтәи Лаша иааишьҭуеит абетон иаларҵаша ашәыгақәа. Аахәаҩ атауар ахаҭабзиара ада адәахьтәи архьиашьагьы дахәаԥшуеит аҟнытә урҭ ашәыгақәа аишьцәа рзы ихымԥадатәиуп.

Агәыла агәы даҩызоуп

Абарҭқәа инарываргыланы аишьцәа Дохнаӡиаа ақытанхамҩагьы рнапы алакуп, рхатәы трактор ала адгьыл иқәаарыхуеит. Агәылацәа изларҳәаз ала амхқәа аныцәаӷәатәу, ианҭагалатәу аамҭазы аишьцәа ацхыраара ӷәӷәа рзыҟарҵоит.

Геннади Ҵәыџьба иҟазарҭаҟны - Sputnik Аҧсны
Геннади Ҵәыџьба: ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәы иҭоуп

"Ҳара ҳҳаблаҿ мацара акәым, ҳқыҭа ахи-аҵыхәеи арҭ ацхыраара зрымҭац дыҟаӡам. Ишыжәбо еиԥш рымчқәа рыла еиҿыркааз рхатә наплакгьы иахьа аус ауеит. Ҳәарада, иахьатәи ҳаамҭазы ас вагылак думамкәа акы аиҿкаара ахьынӡацәгьоу зегьы еилаҳкаауеит, аха дара акагьы иацәымшәакәа уи ахьрылдыршаз аџьшьара ду иаԥсоуп. Сгәанала еснагь ирыдгылалатәуп ари аҩызцәа аусқәа" - иазгәеиҭеит аҷкәынцәа ргәыла Инал Кобахьиа.

Иахьа ҳара ҵыхәаԥҵәарада иҳаҳауеит ақыҭа апроблема иазку ацәажәарақәа. Аха арыцҳаразы уи зегьы ажәақәа рҟны инхоит, аусахь изымнаӡакәа. Уи еилыкка иаҳнарбоит аишьцәа Дохнаӡиаа рҿырԥштәы : ақыҭараҿы аҷкәынцәа рхала, аӡәы ицхыраара иамыҳәакәа анаплакы еиҿыркааит, аха уажәшьҭагьы "ақыҭа аиқәырхара иазықәԥо" акыр зылшо ауаа аҷкәынцәа џьаракала ирыхәар рҭахӡам. Зынӡаск иуадаҩӡам ажәала "абааш ахжәара", есааира "зцәа хту апатриотизм" аҽаҭара. Аха уи зегьы зхәарҭагәышьозеи? "Ауардын" ахьгылац игылоуп.

Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа

Ацех уадҵны уанҿынаухалак, еиҳа-еиҳа унаскьацыԥхьаӡа уа еилашуа аусура абжьқәагьы урцәыхарахоит.

Шықәсқәак рыҩныҵҟа ари анаплакы еиҳа-еиҳа атехнологиа рҿыцуа, уажәшьҭа ашьапы иқәгылартә иӷәӷәахахьеит. Акызаҵәык – есааиратәи аахәаҩ иԥшаара ауп инхаз. Аҷкәынцәа гәацԥыҳәарала аусура ишаҿу ала лассы уи иԥшаарагьы, хымԥада ирылдыршап.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0