Косики карате азы аԥснытәи аспортсменцәа ҩыџьа Урыстәыла ахраҿа иаԥсахеит

© Foto / Дэмис АдлейбаКосике карате азы Урыстәыла ахраҿа
Косике карате азы Урыстәыла ахраҿа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Косике карате азы Урыстәыла ахраҿа иалахәын 400-ҩык аспортсменцәа. Иара мҩаԥысуан мшаԥы 13 -14 рзы, Екатеринбург.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Косики карате азы аԥснытәи аспортсменцәа ҩыџьа аиааира ргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит косики карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Демис Адлеиба.

Косике карате азы Урыстәыла ахраҿа иаиааит Софиа Аҩӡԥҳаи (10-11 шықәса зхыҵуа, 40 кьыла иҟоу рыбжьара) Дмитри Адлеибеи (8-9 шықәса зхыҵуа, 30 кьыла иҟоу рыбжьара).

Карате азы ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акаратистцәа ҳсимволика рҵәахырц ирырҭаз адҵа иақәшаҳаҭымхеит

Аспортсменцәа рҩыџьагьы хԥа-хԥа қәгылара мҩаԥыргеит. Дмитри Адлеиба еизгоу акоманда "Сибирь" ахьӡалагьы дықәгылон.

"Иара Аԥсны ахьӡала дықәгыломызт, избанзар акомандатә еиндаҭлараҿы ахатәы ҟазшьақәа ыҟоуп. Уа ҳкоманда иалоу рхыԥхьаӡара азхомызт. Убри азы  "Сибирь" ахьӡала дықәгылон", - еиҭеиҳәоит Демис Адлеиба.

Косике карате азы Урыстәыла ахраҿа иалахәын 400-ҩык аспортсменцәа. Иара мҩаԥысуан мшаԥы 13 -14 рзы, Екатеринбург.

Ҩымш рыҩнуҵҟа акаратистцәа еиндаҭлон: ката, ката бункаи, кумите, акомандатә кумите рзы.

Атурнир иаарту атурнир астатус амоуп. Сынтәа иара иалахәын Тунис, Донецк, Аԥсны рҟынтәи аспортсменцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0