Аԥснытәи аҭыԥҳа Сара Абрамиан аицлабра "Детская Новая волна-2019" афинал ахь днеит

© Foto / Ангелина ХагбаСара Абрамиан
Сара Абрамиан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аицлабра "Детская Новая волна-2019" афинал мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 30-31 рзы Ҟрым, ақалақь Иалта.

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Сара Абрамиан Жәларбжьаратәи аицлабра "Детская Новая волна-2019" афинал ахь днеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит артистка лан Ангелина Ҳагԥҳа.

18 тәыла рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа злахәыз афиналбжа мҩаԥысуан мшаԥы 18-19 рзы Москва ақалақь. 98-ҩык алахәцәа рахьтә 12-ҩык роуп афинал ахь анеира зылшаз.

""Новая волна" ахь арзаҳал алаҳҵан, ааԥхьара ҳарҭеит. Сара иаразнак афиналбжахь днарышьҭит, акастинг дахмыжькәа. Уа ақәгылара мариамызт, ашоу "Голос" аҟны аасҭагьы ицәгьан. Ҳара ҳгәы ҭынчмызт, избанзар Сара ллымҳаи лыхәдеи лыхьуан, ларгьы маҷк лгәы хыҭхыҭуан", - лҳәоит Сара Абрамиан лан.

Афиналбжа актәи аетап аан лара иналыгӡеит урысшәала ашәа "Драмы больше нет", аԥсышәала - "Сыԥсадгьыл Аԥсынра", аҩбатәи аетап аан атәым бызшәала ашәақәа лҳәон. Ажиури иалахәын акомпозитор Игор Крутои, "Новая волна" арежиссиор-ақәыргылаҩ Александр Ревзин.

Сара Абрамян - Sputnik Аҧсны
Сара Абрамиан ашоу "Голос. Дети" аҩбатәи аетап ахь днеиит

"Ҳара оумакала ҳшәон, афинал ахь дзымнеир ҳәа, избан акәзар еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи алахәцәа даара ирацәаҩын. Аха ус егьа иҟазаргьы, лара илылшеит афинал ахь анеира. Макьана иалҳамхӡацт афинал аҟны иналыгӡаша ашәақәа, избанзар урҭ аиҿкааҩцәа рҳәатәы иақәыршәаны иалԥшаатәуп. Уажәазы Сара Хьыбла Мықәԥҳа лҿы лҽазыҟалҵалоит, анаҩс лаҵара 23 рзы Ҟрымҟа ҳцоит, уа аҽазыҟаҵарақәа ирыцылҵоит", - азгәалҭоит Ҳагԥҳа.

Жәларбжьаратәи аицлабра "Детская Новая волна-2019" афинал мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 30-31 рзы Ҟрым, ақалақь Иалта.

Жәеиза шықәса зхыҵуа Сара Абрамиан диит Аҟәа ақалақь. Аҵара лҵоит А.С. Пушкин ихьӡ зху ашкол № 2 аҟны. Лара раԥхьаӡакәны ашәаҳәарахь лшьапы еихылгеит ахәыҷтәы естрадатә студиа "ДоРеМи" ахь. Уа аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы Хьыбла Мықәԥҳа данылзыӡырҩы, еилылкааит ари ахәыҷы аҟыбаҩ ҷыдеи, абжьы хааи, амузыка ацәаҩеи шлылоу. Сара Абрамиан далахәын урыстәылатәи актәи аканал аҟны ицо амузыктә шоу "Голос. Дети!"

Ажәабжьқәа зегьы
0