"Афон" "Динамо" иаиааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәиԥшьтәи аикәшара
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәиԥшьтәи аикәшара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәиԥшьтәи аикәшара ахәмарра мҩаԥысуан аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы.

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампылтә клуб "Афон" аҟәатәи аклуб "Динамо" 3:2 ҳәа иаԥнагеит ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ажәиԥшьтәи аикәшара ахәмарраан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат XIII атур - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи "Нарҭ" заанаҵы Аԥсны иачемпионхеит

Актәи атаим афонаа рԥыжәарала 0:1 ҳәа иалгеит. Аҩбатәи атаим аан ахымҩаԥгашьаз ахәмарра далцан "Динамо" ахьчаҩбжа.

"Актәи атаим даара ишьшьылаҳан. Аҩбатәи атаим аан ауп акомандақәа рхы аадырԥшуа ианалага", - иҳәоит Федоренко.

Ампылқәа ҭадыршәит: "Афон" ахәмарыҩцәа Акаки Жәанба (45 аминуҭ азы), Леван Логәуа (51 аминуҭ азы), Алмас Аҩардан (62 аминуҭ азы). "Динамо" ахәмарыҩцәа Рамин Еныкьи Валери Штыриови ампылқәа ҭадыршәит 67, 88 аминуҭқәа рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0