Аԥсны атәылауаа мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа рыԥсы ршьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди на набережной Сухума 20 февраля 2019
Люди на набережной Сухума 20 февраля 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы Мшаԥы мшаԥымза 28 иахьақәшәо инадҳәаланы. Мшаԥы 29 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Иара убасгьы мшаԥы 30 ԥсшьарамшуп.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Аԥсны аусеиҿкааратә мзар инақәыршәаны ареспублика атәылауаа рзы мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа ԥсшьарамшхоит.

2019 шықәса рзы Амшаԥныҳәа мшаԥымза 28 иахьақәшәо инадҳәаланы. Мшаԥы 29 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Иара убасгьы мшаԥы 30 ԥсшьарамшуп.

Иара убасгьы Аԥсны есышықәса иазгәарҭо Аџьа амш лаҵара 1 аԥсшьаратә-ныҳәатә рыцхәуп. Асабша, лаҵарамза 4 аҽны- усутә мшуп. Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа аҟны игаз аиааира амш аҽны-лаҵарамза 9, иара убас Симон Кантәи имш лаҵарамза 23- ԥсшьрамшны ирылаҳәоуп.

2019 шықәса 246 усутә мши 119 ԥсшьарамши ақәшәоит.

© Sputnik Леон Гуния / Календарь праздничных и выходных днейАԥсны аусеиҿкааратә мзар инақәыршәаны ареспублика атәылауаа рзы мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа ԥсшьарамшхоит
Аԥсны атәылауаа мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа рыԥсы ршьоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аусеиҿкааратә мзар инақәыршәаны ареспублика атәылауаа рзы мшаԥы 27 инаркны лаҵара 2 рҟынӡа ԥсшьарамшхоит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0