Аԥсны ахада агеноцид зызуз аерман жәлар дрыдашшылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа рыжәлар аннырҵәаз ахҭыс.

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ХХ ашәышықәсазы аерман жәлар ирхыргаз арыцҳара ду инадҳәалына адышшылара ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Ҳара иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ХХ ашәышықәсазы хамшҭыхә зхызгаз ауаа. Адунеижәларбжьаратә еилазаара иргәаладыршәалароуп асеиԥш иҟоу арыцҳарақәа, урҭ аҭоурых аҿы еиҭах иҟамларц азы", - ҳәа аҳәоит ахада инашьҭымҭа.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит зықьҩыла зыҩны-згәара зцәыӡыз аерманцәа ахыхьчара рылшеит Аԥсны, урҭ рхылҵшьҭрақәа аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан абџьар кны ақырҭуа фашизм иацәырыхьчеит ирыԥсадгьылны иршьаз атәыла, иахьа уи аполитикатәи, асоциалтәи, аекономикатәи ԥсҭазаара активла иалахәуп ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ргыло ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит аԥсуааи аерманцәеи риашьаратә еизыҟазаашьа ԥхьаҟа еиҳагьы аҿиара аиуеит ҳәа.

Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.

1914 шықәса рзы адунеи аҟны инхон 4,1 миллионҩык аерманцәа. 2,1 миллионҩык нхон Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз, 1,7 миллион — Урыстәыла, 100 000-ҩык —Персиа, 200 000-ҩык егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны.

1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.

Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0