Аԥснытәи алахәылацәа амонумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Foto / Роберт ДжопуаАԥснытәи алахәылацәа аманумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Аԥснытәи алахәылацәа аманумент Ан-Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит Аиааиҩцәа IX Жәларбжьаратәи рфорум "Великая Победа, добытая единством" афорум аусура аатит мшаԥы 25 рзы Санкт-Петербург.

Санкт-Петербург, мшаԥы 25 - Sputnik, Роберт Џьопуа. Пискариовтәи аԥсыжырҭаҿы игылоу амонумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иаадыртит Аиааиҩцәа IX Жәларбжьаратәи рфорум "Великая Победа, добытая единством" аусура. Ауснагӡатә азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аантәи Ленинград аблокада аԥыхра 75-шықәса ахыҵра ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аԥснытәи аделегациа алахәыла, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал иажәақәа рыла Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурых иаша адырра хымԥадатәиуп.

"СССР ажәларқәа зегьы афашист Германиа иаҿагыланы еицықәгылеит. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩныҵҟа аҭоурых аицакразы еиуеиԥшым аусқәа мҩаԥган. Убри азы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҭоурых иаша адырра хымԥадатәиуп. Абри аҩыза афорумқәагьы рымҩаԥгара аҵак ду рымоуп", - ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аделегациа алахәыла, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал.

Пискаревтәи аԥсыжырҭаҿы аллеиа ашьапы кхоит, иара убасгьы Меншиковтәи апроспект аҿы агәалашәаратә хаҳәцә "Великая Победа, добытая единством" шьҭарҵоит.

© Foto / Роберт ДжопуаАԥснытәи алахәылацәа аманумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Аԥснытәи алахәылацәа амонумент Ан-Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи алахәылацәа аманумент "Ан-Аԥсадгьыл" аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Амш аҩбатәи ахәҭаҿы аусутә программа аатуеит апленартә еилатәарала. Амш хыркәшахоит аныҳәатә концерт ала.

Афорум иалахәуп Асовет еидгыла уаанӡатәи атәылақәа рхаҭарнакцәа.

Афорум азырхоуп ИАР, Прибалтика атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҿартә, рҵаратә, рексперттә еилазаарақәа рыбжьара адиалог арҿиара.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Ажәабжьқәа зегьы
0