Адгәыр Какоба: 14 школтә автобус Аԥсныҟа иаарышьҭуеит

© Sputnik / Виталий Безруких / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшколтә автобусқәа
Ашколтә автобусқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автобусқәа реиҳарак ареспублика ақыҭатә школқәа рахь еихшахоит иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Иааиуа ҩымз ирхымгакәа 14 школтә автобус аараны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

"Автобусқәа реиҳарак ареспублика ақыҭатә школқәа рахь еихшахоит, избанзар уа аҵаҩцәа ашкол ахь рнеиразы апроблема ыҟоуп. Автобусқәа рыҟазаара уи апроблема аӡбара акыр иармариоит. Ахара инхо ианраамҭо аурокқәа рахь инеиуа иҟалоит", - иҳәоит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр.

Адгәыр Какоба иара убасгьы иазгәеиҭеит арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи руалафахәы 10 - 35% ишышьҭыҵуа. Ауалафахәацҵара иалагеит 2019 шықәса ажьырныҳәамза аахыс, ашықәс аҩнуҵҟа аԥара шәахоит.

"Ауалафахәы аизҳара арҵаҩцәа русура анырра бзиа анаҭоит", - иҳәоит иара.

Какоба еиҭеиҳәеит Аԥсны абжьаратә-профессионалтә система аҩаӡара ашьҭыхразы иҟаҵоу атәы>>

Абиуџьет усуҩцәа руалафахәы ацҵара атәы далацәажәеит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи аихшьаалатә пресс-конференциаҿы, ԥхынҷкәын 25 2018 шықәса рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0