Ҳаржьон: ҳхәыҷра иазынхаз аԥсҭазааратә "лакәқәа", насгьы урҭ рыда аԥсҭазаара

© Sputnik / Томас ТхайцукАни аԥеи
Ани аԥеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩытәыҩса ус дшоуп - ихәыҷра иадҳәалоу агәалашәарақәеи ацәаныррақәеи акы иалаирҩашьом. Уи иацуп иҷыдоу аԥсҭазаара агьама, аԥышәа, агхақәа, ахьаа, аха зегьы ирыцку - анасыԥ. Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа ахәыҷраамҭа аԥсабареи уи ауаҩы изы илашарбаганы иҟаларц азы иаҭахны иҟоуи уҳәа ртәы иматериал аҟны дазааҭгылоит.

"Ҳхылҵшьҭра арбану? Ҳара ҳаауеит ахәыҷраҟынтәи, тәылак аҟнытә ҳаауазшәа… Сара рацәакгьы агәра сызгом, схәыҷра нҵәеижьҭеи сыԥсы ҭоуп ҳәа..."

Антуан де Сент-Екзиупери

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Ҳаи, шьыри, сыҟандаз…

Ауаҩы данилак инаркны иалагоит ихәыҷраамҭа. Уи аамҭа нҵәаанӡа ауаа зегьы еиԥшуп, "тәылак" еицатәуп, "бызшәак" ала ицәажәоит. Аха, уамашәа иубаша, аамҭа цацыԥхьаӡа, урҭ еизҳацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иагхо иалагоит ахәыҷра абзоурала рахәыцк еиԥш еидызҳәалоз реилибакаара. Ихазхоит еицырзеиԥшыз "рбызшәақәа", ихыбгалоит џьарак еидызкылоз "ртәылагьы". Убри ала инҵәоит ахәыҷраамҭа.

Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала

Адунеи аҟны акгьы зыҟалаӡомызт ас еиԥш иаламгацкәа зегьы нҵәозҭгьы. Убри аҟнытә ауаҩытәыҩсагьы аилазааратә ԥсҭазаараҿы изаатуеит анаҩстәи адаҟьа, "аҿара" ҳәа хыс измоу. Ара уажәшьҭа уара уахәҭакӡам зегьы еицырзеиԥшыз "атәыла", уи "аԥслымӡ" акәын изылхыз, ихәашахьеит. Насгьы ари "адунеи ҿыц" аҟны зегьы сеилыркаауеит, зегь сзыӡырҩуеит ҳәа агәыӷра – аҵабырг аасҭа агаӡароуп еиҳа иззааигәоу. Ажәакала, амультфильм аҟны ишаҳәо еиԥш: "Ублақәа аарты – иара шаноуп, амала аламҵқәа умԥхьаӡан".

Аха араҟагьы иҟоуп аха-қәа рацәаны… Иаҳҳәап, ауаҩытәыҩса уаанӡа блакала иибоз уажәшьҭа даҽа блакала иахәаԥшра еиԥш иҟоу, аизҳара иаҷыдаҟазшьоу ахәыцшьа аҽеиҭакрақәа. Ухәыҷрашықәсқәа рзы зыгәра удыргоз, ашьҭахь еилукаауеит ишымцыз, ишгәыжьжьагаз. Аха уи амц хықәкыла уара ухьчаразы ихәыцын.

Кәыҵниаԥҳа: ахәыҷқәа аҩны ианааилак ирԥыло аԥҳәыс дыҟазароуп>>

Иарбан ҭаацәоу зыхшаз изы ацәгьара зҭаххо? Убри аҟнытә ахәыҷы иԥсҭазаашьа маҷк иадамзаргьы армариаразы аиҳабацәа лассы-лассы ирыӡбоит еиуеиԥшым "аԥсҭазааратә лакәқәа". Урҭ рҟынтәи акы-ҩба ҿырԥштәы уажәы ҳрылацәажәап.

Работа детского сада. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи

Уҽумҟьашьын! Унапы ԥнаҟоит! Уабылуеит! Аԥхӡы улумхын! Аҩны уакы!...

Арҭ реиԥш иҟоу агәҽанҵарақәа, шамахамзар ахәыҷқәа зегьы рлымҳа ҵнаххьеит ҳәа сгәы иаанагоит. Џьоукы урҭ раҳауеит аиҳабацәа уамак ргәы аналаҟам, ргәыԥжәара аӡәы ихыргарц ианаҿу, ажәакала иналак-ҩалакны. Аха даҽа џьоукы рзы арҭ ажәақәа есыҽнытәи "шьыжьхьафароуп", "шьыбжьхьафароуп", зынӡа иаапкӡар, "иагьуаххьафарахоит".

Ҳәарада, ахәыҷы ихшыҩ шәаанӡа, аԥсҭазаараҿы имацара ишьапы дзықәгыло деизҳаанӡа иеиҳабацәа ражәа иара изы иҵаҳәа дуӡӡоуп, иԥсҭазааратә қәырԥшыгоуп. Уи аӡәгьы иамеикӡом. Аха изакәызаалак аҟны армыцхәра аҭыԥ аиуа ианалаго аамҭазҵәҟьа иалагоит ауадаҩрақәагьы. Мыцхәы иашангьы иҽеим, мыцхәы ианыхаау – уи аҵкыс еицәа.

Хәарааԥҳа: ахәыҷы аҭаацәа рҟнытә ииҭаху абзиабароуп>>

Убри аҟнытә ҳхәыҷнаҵы, аҳәынҵәа ҳгәыҵатата амш аныбааԥсу адәныҟа ахәмарра ҳзаар – иҳашәраӡа; шьапыхты ашьацраҿы аҩра ҳалагар – адгьыл макьана ихьшәашәоуп ҳәа иаҳҿашәмырхьын; адәахьы ианҵаауа аамҭазы ҳара уеизгьы-уеизгьы ампыл ҳамысыр ада ԥсыхәа анаҳмоуа – аԥхӡы шәылшәымхын, ахьҭа шәылалоит ҳәа ҳаҳәо ҳашәмыршәан; аҵла ҳақәланы зынӡаск иҵҟыӡоу аҵәапера "анаҳҭаауа" - шәыца кылнаҵәоит, аҵла шәалҩыруеит ҳәа шәаҳмацәҳан… Избанзар ахәыҷра даҽакала изыҟалаӡом, иага уҳәаргьы, иага уургьы уи ахатәы ԥҟарақәа роуп изықәныҟәо, даҽакы узазхәыцӡом. Ус аԥсабара иашеит.

Геннади Ашәбеи Ирина Ломиаҧҳаи рхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Аҧсуа ҭаацәа рҿырҧшы: Џьгьарда ақыҭан инхо Ашәаа рҭаацәара ирызкны

"Шаҟа скыдуҟьо аҟара, сыӷәӷәахоит сара!"

Анцәа иџьшьоуп "ҳуаҭах хәыҷқәаны" ҳахьымеизҳауаз, амра ҳхы иахьасхьаз, амаахыр ажыц ҳахьыцәнаԥԥхьаз, ахәацгьы ҳахьадырхьаз. Аԥхыӡбаа уҿашы, уҩызцәа ираԥыганы ампыл "амба" ианҭауршәуа иузцәырҵуа ацәаныррақәа рҩызцәа ателехәаԥшыга иадтәаланы "джоистикла" акомпиутортә хәмаррақәа рҿы зԥышәа "ҵаула" аазырԥшуа ахаан изинырӡом. Избанзар уи ицәеижь акәӡам иҟазҵаз – ифантазиа ауп. Уара умахәҿа-шьахәҿақәа зегьы аџьабаа дырбаны, умчқәа улцәцәааны, алҵшәа ааурԥшит, иара уи азы ихы иаирхәаз иԥшьнацәак мацара роуп.

Ҳәарада, уара уҟынӡа днаӡарц дыҟаӡам ахааназы, аӡыхьеиԥш "быжь хаҳәык" дырхымскәа, аԥхӡы агьама имбакәа, знызаҵәык амца дамбылӡакәа, дкаҳаны дымгылакәа, ихьны ихьаа ихымԥсаакәа, аҵла дхаланы дкамҳакәа, ԥынҵала ԥыҭк аӡы имжәыкәа… Абарҭқәа зегьы данырхыслакь – настәи ицәажәашьа ауп ара ахи-аҵыхәеи!

Агәарабжьаратә шьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Иахзырҟьаз - иааигоит: агәарабжьаратә шьапылампыл аԥҟарақәак

Хымԥада зегьы еибеиԥшу ахәыҷра роуӡом, аӡәы изы уи еиҳа имариахоит, егьи изы иуадаҩхоит. Аха амариа иааӡо аӷәӷәара ицәмаҷымхар ауӡом, наҟ-наҟ амчхара ахьаарԥштәу џьара уск аҿы ахьысҳара иннарԥшуеит.

Хәыҷнатәы ацәгьагьы абзиагьы збаз, урҭ реилыргаразы аҿырԥштәи аамҭеи ззыԥҵәаз иакәхоит аԥсҭазаарагьы еиҳа анырра зылшо, ииашоу ашьаҿақәа рыҟаҵашьа зҽақәзыршәо.

Мыцхәы ажәеиҭаҳәара ҟалазаргьы, саҭамыз, аха еиҭахгьы - ацәгьа умбакәа абзиа уздыруам. Убри еснагь иаҳгәалашәалап, ҳхәыҷаахыс...

Ажәабжьқәа зегьы
0