Аоппозициа атәыла ахадас Аслан Бжьаниа икандидатура ықәдыргылоит

© Foto / Сария КварацхелияАԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла аизара ду мҩаԥысит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы.
Аԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла аизара ду мҩаԥысит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла аизара ду мҩаԥысит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аоппозициаа атәыла ахадас Аслан Бжьаниа икандидатура ықәдыргылоит ҳәа иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаразы Азеиԥшмилаҭ еиҿкаара аизара ду аҿы ОНД аштаб анапхгаҩы Ҭеимураз Хышба.

Мшаԥы 18 рзы Аслан Бжьаниа игәабзиара иаалырҟьаны аиҭашәара иахырҟьаны Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы дышьҭаҵан.

"Иахьа иаҳҳәар ҳалшоит Аслан Бжьаниа игәабзиара ҭышәынтәалеит ҳәа. Агәра аагоит хара имгакәа Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа иполитикатә усура иациҵап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭеимураз Хышба.

Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәса рзы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Аҵара иҵон Фрунзенсктәи аполитехникатә институт аҿы. 1982 шықәса рзы Московатәи автомобил-мҩатә институт ахь диасуеит, далгоит 1985 шықәса рзы.

1991ш.– СССР КГБ иреиҳаӡоу акурсқәа дрылгоит.

Аслан Бжьаниа - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа игәабзиара иазҿлымҳауп Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа

1991 -1992шш. – Аԥсны КГБ аҟны аус иуеит.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуеит.

2009 – 2010шш. рзы – Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿ аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс дыҟоуп.

2010 – 2014шш. – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы.

2014 шықәса рзы атәыла ахада иалхрақәа иҽрылаирхәит.

2015ш. рзы асоциал-економикатәи аполитикатә ҭҵаарақәа Рфонд "АПРА" напхгаҩыс дҟалоит.

2017 шықәса инаркны иахьанӡа – Аԥсны Жәлар реизара адепутат.

Ажәабжьқәа зегьы
0