Аԥсны АҶА: аҵараиурҭақәа рҿы амцакрақәа еиҳарак ацәаҳәақәа реидыслара иахҟьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АҶА
Аԥсны АҶА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҵараиурҭақәа рҿы аҭыԥ зоухьоу амцакрақәа еиҳарак мзызc ирымоу афымцатехникоуп иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҳәынҭқарратә амцарцәаратә хылаԥшра аусбарҭа аиҳабы Иракли Елбакиев.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны амцакра шыҟалаз азы Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит ашьыжь асааҭ 6:40 рзы. Асааҭ 9:30 рзы амца ырцәан. Иахьазы акомиссиа ахыбра аҩныҵҟа аҭҵааратә усурақәа мҩаԥыргоит, амцакра мзызс иаиуз аилкааразы.

"1994 шықәса раахыс аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы 37 мцакра ашәҟәы иҭаагалахьеит. 2018 шықәсазы хыџьара амцакра аҭыԥ аман. Дара зегьы ирзеиԥшу мзызны иҟоуп афымцатехника ауашәшәырара", - иҳәоит Елбакиев.

Иара иазгәеиҭеит амцакра ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәаразы аҭакԥхықәра зыдҵатәу аҵаратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа роуп ҳәа.

Аҟәеи Аҟәа араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны абылраҽацәыхьчаразы ирыгу шыҟоу раҳҳәахьан

"Аҭыԥ аҿы аҭакԥхықәра аарԥшлатәуп. Афымцацәаҳәақәа, аихшарҭақәа, ирцәам алашарақәа – абарҭ зегьы ахылаԥшра рзулатәуп. Нас ауп амцакрагьы еиҳа ианамҷхо", - иҳәоит иара.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иҳәеит абылра иақәшәаз Аҟәатәи аҩбатәи ашкол хара имгакәа аиҭашьақәыргылара иалагоит ҳәа.

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25 аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

Амца иамҽханакит: аҟәатәи ашкол ахыбра абылра - Sputnik Аҧсны
Амца иамҽханакит: аҟәатәи ашкол ахыбра абылра

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0