Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа мап акит Мерцхәылаа иус ала иаанкылоу руаӡәк иоужьра

CC0 / / Аӡбарҭа
Аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа иӷьычра афакт инамаданы мшаԥы 18 рзы Аҟәа араионтә прокуратура ихацнаркит ашьаусҭҵаара, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылан гәҩарас ирымаз хҩык ахацәа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә усбарҭа аӡбарҭа мап ацәнакит Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы иаанкылоу Адгәыр Ӡкәиа ихьчаҩцәа инарышьҭыз Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ақәҵаразы ашшыԥхьыӡ. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Адгәыр Ӡкәиа заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла гәҩарас дрымоуп Омар Мерцхәылаа иӷьычра аус дадҳәалоуп ҳәа. Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала уи мшаԥы 23 рзы даанкылоуп ҿҳәарала ҩымз ҳәа.

Ацәгьоура - Sputnik Аҧсны
Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп

Ӡкәиа идукат инаишьҭыз ашшыԥхьыӡ шьаҭас иаиуит уи иихьчо ахаҿы ахара зызидырҵо ацәгьоурақәа дышрылахәу зырҵабыргуа ҳәа акгьы ыҟам ҳәа ахьиԥхьаӡо.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа азакәантә шьаҭа амоуп ҳәа азыԥхьанаӡеит, Ӡкәиа ихьчаҩцәа инарышьҭыз ашшыԥхьыӡ ҵаҵӷәыдоуп ҳәа азшьаны.

Гәҩарас ирымоу ахаҿы ахара идым ҳәа дыԥхьаӡоуп уи ихара аӡбарҭаҟны ишьақәдырӷәӷәаанӡа, анаҩс уи азы азыӡба амчра аиуаанӡа.

Омар Мерцхәылаа иӷьычразы мшаԥы 18 рзы Аҟәатәи араион апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылан хҩык ауааԥсыра.

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Омар Мерцхәылаа иус Апрокуратура хадахь ирыҭоуп>>

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

Аусҭҵаара иацҵоуп, Омар Мерцхәылаа дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.

Мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

Анаҩс Mercedes-Benz Sprinter рыԥшааит Гәымсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк аҟны.

Аамҭақәак рышьҭахь, ирӷьычыз ахаҵа Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа рымҩаԥагараан ирбеит уанӡа иӡаз автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа. Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

Ажәабжьқәа зегьы
0