Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырҧылеит.

АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аветеранцәа Аиааира ду аагараҿы рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит аофициалтә саит.

Агәахәара ду снаҭоит шәыдныҳәаларазы алшара ахьсымоу адунеиаҿ аҵак-ҷыда змоу Аиааира Ду Амш, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аветеранцәа дрыдныҳәало. Аҭоурых аҿы ииашаны иазгәарҭахьеит Германиатәи афашизм аилаҧыххаараҿы Аҧсны жәлар иаадырҧшыз афырхаҵара атәы.

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит
© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Мария Глускер  - Sputnik Аҧсны
2/3
Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Мария Глускер
© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
3/3
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит
1/3
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит
2/3
Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Мария Глускер
3/3
Аҳәынҭқарра Ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа дырԥылеит

"Зықьҩыла Аҧсны аҵеицәа нагақәа хьаҵрак ҟамҵакәа иеибашьуан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронт хадақәа рҿы. Урҭ рыгәҭа шәгылан шәара, шәхы шәамеигӡеит аҭынчреи аҧсҭазаареи реиқәырхаразы. Хашҭра ақәым Кавказтәи ашьхақәа рҿы Аҧсны ахьчаҩцәа иаадырҧшыз агәымшәара. Ҳаҭырқәҵара дула ирыдыркылоит ҳажәлар шәара шәпатриоизм ҳаракы, шәџьабаа, бираҟҵас жәашықәсала ишьҭыхны иаажәго Ҳаҧсадгьыл ашҟа абзиабара ду. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаашәырҧшуа ачҳареи, агәамчи, аиаша азықәҧареи рзы. Изызҳауа аҿар идшәырбо аҿырҧшы бзиақәа рзы. Ицқьазааит наунагӡа ажәҩан Аҧсынтәыла, иҵегь иҕәҕәахааит уи амч-алша, амҽхак. Даҽазныкгьы Аиааира ду Амш шәыдысныҳәалоит, акыр иаҧсоу аветеранцәа. Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, аныҳәатә гәалаҟазара бзиа", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рреспубликатә хеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа аветеранцәеи Аԥсны жәлари Аиааира Амш рыдиныҳәалоит.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

"Аветеранцәа зегьы ирыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 74 шықәса ахыҵра. Аибашьра иалҵыз зегьы ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зегьы. Аҧсны абзиарақәа анцәа иҟаиҵааит", - иҳәеит иара.

Аиааира Амш азгәаҭо иҭахаз ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит, ҳабацәа, ҳабдуцәа, иаҳзааигәоу, бзиа иаҳбо зегьы. Ҳазгәалашәо зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, рҳәеит аветеранцәа.

55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0