Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеит

CC0 / / Ампыл
Ампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Нарҭи" "Динамои" рыбжьара Аԥсны ахраҿа афиналбжатә хәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы лаҵара 9 рзы.

АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи "Нарҭи" "Динамои" рыбжьара афиналбжатә хәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы 3:0 ҳәа "Нарҭ" аиааирала. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат XIII атур - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи "Нарҭ" заанаҵы Аԥсны иачемпионхеит

27-тәи аминуҭ азы пенальти аан Анри Ҳагба ампыл ҭаиршәит. 57-тәи аминуҭ азы – Ҭемыр Агрба, иара 70-тәи аминуҭ азы иҩбатәи ампылгьы амба иҭаиршәит.

Аханатә Аԥсны Ахраҿа ахәмаррақәа ирылахәын акомандақәа: агәыԥ А – "Афон", аҟәатәи "Динамо", галтәи "Самырзаҟан". Агәыԥ B – аҟәатәи "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа".

Агәыԥ А аҟынтә афиналбжахь инеит "Афон", "Динамо", агәыԥ В аҟынтә – "Нарҭ", "Риҵа".  "Нарҭ" афинал аҟны иаԥылараны иҟоу акоманда еилкаахоит лаҵара 10 рзы "Риҵеи" "Афони" имҩаԥырго ахәмарра ашьҭахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0