Дәрыԥшьтәи аҽырхәмаррақәа реихьшьаала ҟаҵоуп

© Sputnik Бадри ЕсиаваАҽырхәмаррақәа
Аҽырхәмаррақәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Дәрыԥшь, лаҵара 8-9 рзы.

АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ҟәланырхәа ақыҭа аҽыуаа ркоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахантәаҩы Џьарназ Бениа.

Аҩбатәи аҭыԥ агеит Аҷандара ақыҭа акоманда, ахԥатәи – Дәрыԥшь акоманда.

"Ҟәланырхәа 180 очко аиуит, Аҷандара – 149 очко, Дәрыԥшь – 145. Арҭ аочкоқәа: аҽырыҩра, аҽымпыл, аҵәыршәра, аҳәеилышьра, аҽырхәмарра реихшьаалақәа рыла ишьақәыргылоуп. Аԥыжәара згаз акомандақәа ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи роуит", - еиҭеиҳәоит Бениа.

Ақыҭақәа Лыхны, Џьырхәа, Аҷандара, Аацы, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Дәрыԥшь ркомандақәа злахәу есышықәсатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Дәрыԥшь, лаҵара 8-9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0