Абызшәа аҩаӡара: атәыла ахадас акандидатцәа аԥсшәазы аԥышәара арҭароуп

CC0 / / Ашәҟәқәа
Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнарӷәӷәеит алингвистикатә комиссиа аилазаара.

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахадас зкандидатура ықәзыргыло аҳәынҭарратә бызшәа иахәҭоу аҩаӡарала ихы иаирхәозароуп ҳәа иҳәеит Аԥсны алхратә комиссиа хада алингвистикатә комиссиа алахәыла Алықьса Касланӡиа.

"Аԥышәара ҿырҳәалеи ҩыратә формалеи имҩаԥгахоит. Акомиссиа алахәылацәа ишьақәдыргылоит акандидат ицәажәаратә лшареи иҩыратә лшареи", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахь инеиуа аԥхьара, аҩра, ацәажәара ишахәҭоу еиԥш ирылшозароуп ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа.

Аиба: ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидат аҳәынҭқарратә бызшәазы аԥышәара аиҭозароуп>>

Алингвистикатә комиссиа аилатәара мҩаԥысуеит лаҵара 15 рзы.

"Атекстқәа заанаҵы ишьақәыргылахоит, аԥышәара абилеҭтә системала имҩаԥгахоит. Акандидат иоуеит аамҭа аматериал аус адуларазы, нас атекст даԥхьоит", - еиҭеиҳәоит акомиссиа алахәыла.

Абри ашьҭахь акандидат дзыԥхьаз атекст еиҭеиҳәоит.

"Иҟалоит зых иақәиҭу атемала азҵаарақәа алагалахаргьы. Иаҳҳәап: Аԥсныи Урыстәылеи Аԥсныи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа аганахьала. Уи иаанаго ҳара иаҳҭаху ауаҩԥсы ииҭаху ахшыҩҵак аарԥшра ахьынӡаилшо аилкаароуп", - азгәеиҭеит иара.

Алингвистикатә комиссиа иалахәхоит абызшәадырыҩцәа: Шоҭа Арсҭаа, Алықьса Касланӡиа, Лили Ҳагԥҳа, Диана Џьынџьалԥҳа, Баҭал Хагәышь.

Алхратә скептицизм: иззыԥшуи иахьатәи алхыҩцәа>>

Аԥышәара ашьҭахь акандидат ирҭоит уи аихшьаалақәа шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга, Алхратә комиссиа Хадахьы анагаразы. Аршаҳаҭга аҟамзаара ма иҵоурам алкаақәа иалдыршоит акандидат аҭаҩра иахыжьра мап ацәкра.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса ԥхынгәы 21 рзы.

Алхратә комиссиа хада акандидатцәа рықәыргыларазы адокументқәа рыдкылара иалагоит лаҵара 22 рзы. Адокументқәа рыдкылара хыркәшахоит рашәара 11 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0