Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра

© FotoВладислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра
Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Мчыбжьык аҩнуҵҟа, Гагра ақалақь, акультура аҩнаҟны аус аулоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Ахьӡ-аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Ар рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 74 шықәса аҵра иахьӡынҩылоу, игәалашәара анаунагӡатәра шьаҭас измоу афотоцәыргақәҵа.

© FotoВладислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра
Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра

Гагра ақалақь акультура аҩны, аҭоурыхтә музеи аиҿкааҩ Лиудмила Сергьегьиаԥҳа акраамҭа еидылкылоз, Владислав Арӡынба ифотосахьақәа раԥхьатәи рцәыргақәҵа аартын 2015 шықәсазы, 70 шықәса ихыҵра иадҳәаланы. Сынтәатәи ацәыргақәҵа иаанарԥшуеит Аиааира ду ҳзаазгаз Ар рԥыза ихьӡ кашәара шақәым.

50 фотосахьа рҟны иубоит Владислав Григори-иԥа истудент шықәсқәа, иҭаацәара, аибашьра аԥхьаҟатәии, анаҩстәии иԥсҭазаареи, имаҵуратә мҩеи, еиуеиԥшым аҭоурыхтә, аибашьратә хҭысқәа дахьрылахәу, аҳәаанырцәтәи иныҟәарақәа уҳәа.

Ацәыргақәҵа раԥхьатәи аҭааҩцәа ракәхеит Гагра араион Ахадара.

"Агәахәара дуӡӡа ҳнаҭеит, ҳгәы арԥшааит, ҳ-Владислав дҿаԥхаҿаччо афотоқәа рҿытә дахьҳахәаԥшуа. Ауаҩы дыҟазаауеит агәалашәара аԥсы ахьынӡаҭоу. Убри инамаданы исҳәарц сылшоит, ҳҭоурых ҿыц аҟны ашьҭа ду нзыжьыз Владислав Арӡынба наунагӡа ажәлар ргәаҟны дшаанхо", - иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа.

© FotoФотовыставка В. Г. Ардзинба
Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыр азы афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра - Sputnik Аҧсны
Фотовыставка В. Г. Ардзинба

Ацәыргақәҵа аус аулоит лаҵара 20-нӡа.

Владислав Арӡынба имш иира аҽны, Гагра ақалақь, Аиааира ашҭаҟны ибиуст аҿаԥхьа имҩаԥган ашәҭ шьҭаҵара ацеремониагьы. Уи рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, араион Ахадара, ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рхадацәа, анаплакқәеи, аусбарҭақәеи реиҳабацәеи, рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, ауаажәларреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0