Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ацхыраара иаҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицинское обследование подопечных БОО "Киараз"
Медицинское обследование подопечных БОО Киараз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аҟны лаҵара 16 рзы имҩаԥысит агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" апресс-конференциа.

Бадри Есиава, Sputnik

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын ареспублика ауааԥсыра, абизнес-еилазаара, аҳәаанырцәтәи адиаспора рахь аҳәара ҟаиҵоит ацхырааразы. Уи зыхҟьаз ацхыраара зҭаху рырацәареи аиҿкаара аихьымӡареи роуп.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ахәыҷқәа ашкол ахь рышьҭра иацхраауеит

2019 шықәса аиҿкаареи уи хылаԥшра знаҭо ауааи рзы ихьанҭахеит ҳәа рҳәеит апресс-конференциа алахәылацәа.

""Кьараз" ахь идҵаало аҭаацәарақәа реиҳараҩык иқыҭауаауп. Ҳара есышықәса апроектқәа аусура иалаҳаргон, ауаа рацәа ацхыраара рыҭаразы. Арахь иаҵанакуеит афатә-ажәтә, амаҭәа, ахәшәқәа уҳәа раахәара. Аиҿкаара абри зегьы аҵагылара ацәыуадаҩхеит", - иҳәеит аиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.

Аԥхьа иргыланы ацхыраара роуеит ахәыҷқәеи анра иазыԥшу аҳәсеи. Аҵыхәтәантәи аамҭазы "Кьараз" ацхыраара азҭоз рхыԥхьаӡара аиҵареи, ахәышәтәраз ацхыраара зҭаху ауаа рхыԥхьаӡара аизҳареи аиҿкаара аусура акыр иаруадаҩит.

Аҭагылазаашьа асеиԥш аҟазаара мзызны иамоу ақыҭақәа рҿы иҟоу акризис ауп, иҳәеит иара. Уаанӡа зҽаҩра ак аҭнызхуаз ауаа иахьа раагарҭа маҷӡахеит ҳәа азгәеиҭоит Аргәын.

Аиҿкаара хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рганахь ала "Кьараз" иарбанызаалак ацхыраара аиура иазыхиоуп – амедикаментқәа реиԥш ԥаратә лагаларалагьы. Аиҿкаара ахаҭарнакцәа рпартниорцәеи рмеценатцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵо аус азы аха уи шазымхогьы азгәарҭеит.

Аиҿкаара аусураҿы ихадароуп амедицинатә цхыраара зҭаху ауаа рышьақәыргылареи уи ацхыраара рыҭареи роуп ҳәа лҳәеит аиҿкаара амедицинатә программақәа ркуратор Алиса Тыҩԥҳа.

Лара лажәақәа рыла 2018 шықәса рзы амедицинатә цхыраара рыҭан 316-ҩык ауааԥсыра.

Кадыр Аргәын иҳәеит 2019 шықәса рзы (ажьырныҳәа, жәабран) "Кьараз" 150 нызқьмааҭ рыхә ахәшәқәа шаанахәахьо, аха уи шазымхо. Иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷқәа ареспублика анҭыҵҟа иангатәу. Усҟан уи рхы аладырхәуеит агәабзиарахьчара аминистрреи афонд "Ашанеи". 2019 шықәса рзы ҩыџьа ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵит ианаамҭаз ацхыраара ирыхәҭаз ахьырмоуз. Иҟоуп аҭаацәарақәа аԥара амамзаара иахҟьаны ахәыҷқәа аҩны ишьҭаҵаны измоу.

""Кьараз" ахь идҵаало аусура зҭахым роуп ҳәа иҟоу агәаанагара иашам. Урҭ реиҳараҩык имтәа-имыцәа аус руеит аха лҵшәа роуам. Ҳара уажәы зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵарц ҳаӡбеит", - иҳәеит Аргәын.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" шьаҭаркын 2015 шықәса, мшаԥымзазы. Аусура хацыркын зымчхара маҷу аҭаацәарақәа рзы амаҭәақәа реизгарала, асоциалтә ҳа Facebook рыцырхырааны.

Ажәабжьқәа зегьы
0