Мамзышьха амцакрақәа еиҭах аҭыԥ роуит

© Foto / МЧС РАМамзышьха амцакрақәа еиҭах аҭыԥ роуит
Мамзышьха амцакрақәа еиҭах аҭыԥ роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мамзышьха амцакрақәа еиҭах аҭыԥ шрымаз рбеит лаҵара 13 рзы.

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мамзышьхантәи аиланхарҭақәа рахь амца албаараз шәарҭара ыҟам ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Беслан Хагуш - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагәышь: Мамзышьха амцакраан аҵла дуқәа уамак ԥырхага рмоуит

Амцашьаҭақәа ашьха ақәцәахь ауп иахьырбаз. Макьаназ уи аҽамырҭбаац, аха уахь анеира уадаҩуп. Аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит Гагра араион АҶА аҟәша. Амцарцәара иаҿу Гагра араион ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа роуп.

Аусҳәарҭа аиҳабы Заур Бганба иажәақәа рыла аҭыԥ ахь 40-ҩык ауаа нашьҭуп.

"Аҭыԥ ахь анеира уадаҩуп. Атехника ҷыда, амашьынақәа уахь изнеиӡом. Ауаа халаны рымчала амца аимҽханакра алдыршом", - иҳәеит иара.

Бганба иажәақәа рыла амцакра зыхҟьаз ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәымныҟәароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0