Урыстәылатәи ателеканал Аԥсны иазку афильмқәа фба ҭнахраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аԥшаҳәа
Аҟәа аԥшаҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи акурорттә сезон алагамҭазы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз аилацәажәара.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи ателеканал Аԥсны иазку афильмқәа фба ҭнахраны иҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит 2019 шықәсазтәи акурорттә сезон алагамҭазы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиа.

"40-40 минуҭ ицо, Аԥсны иазку афильмқәа фба урыстәылатәи ателеканалқәа руак иҭнахраны иҟоуп. Апроект ахықәкы – ҳтәыла аӡыргареи аларҵәареи роуп", - иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы иҳәеит апроект ҿыц аусура ишалаго – Урыстәылатәи атуроператорцәа дуқәа руак ҳреспубликахь абилеҭқәа аҭира иалагоит.

Аминистрцәа Реилазаараҿы акурорттә сезон иалацәажәеит>>

Гарцкиа иҳәеит иԥаршеиу апутиовкақәа зҭиуа рҿагыларазы "горячая линия" аусура шхацнаркуа.

Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа ихыркәшахоит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раттестациа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0