Асигаретқәа закәаншьаҭада аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәаан

© Foto / Пресс-служба Сочинской таможниИзакәанымкәа асигареҭ ҭоԥқәа аҳәаа рахыгара
Изакәанымкәа асигареҭ ҭоԥқәа аҳәаа рахыгара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асигаретқәеи автомашьынеи ырбаандаҩуп, аҭаҭынаалыҵ атауар аекспертизахь инашьҭуп иара аџьармыкьатә хәыԥса ашьақәыргыларазы.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа асигарет контрабандала аиагара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Ашьаҵа акоммерциатә партиа - Sputnik Аҧсны
Закәаншьаҭада атауар аҳәаа ахыгараан иаанкылан

Аҳәаахьчаҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа иқәыз автомобиль "ГАЗ 3302".

Амашьына агәаҭараан иаарԥшын закәаншьаҭада 631 ҭоԥ асигарет амҩангара шазыԥхьагәаҭаз.

Шәачатәи аҳазалхратә ҟәша аиҳабы Григори Минеев ишиҳәо ала, азин еилазго ауааԥсыра рганахь ала ахарадҵақәа еиҳа-еиҳа ирӷәӷәахоит – ииарго атауар аконфискациеиԥш, изламҩанырго атранспорттә хархәагагьы аконфискациа азураҟынӡа.

2019 шықәса иалагӡаны аҭаҭынаалыҵ изакәанымкәа аҳәаа ахыгара инадҳәаланы 19 усҭҵаара хацдыркхьеит. Ииасыз ашықәс азы абри аамҭала ихацыркын 3 ус заҵәык.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0