"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит

© SputnikАкультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит.
Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Хҩык аӡӷабцәа: Наала, Николь, Сандра еиҩызцәоижьҭеи акрааҵуеит – дара зынӡа ишеиԥшымгьы. Аашықәса зхыҵуа Наала лышықәс иааҭәоумшьартә дҟәыӷоуп. Актәи акласс аҿы аҵара лҵоит, лан, Лаура Кәарҷиаԥҳа ишылҳәо ала аурокқәа рыҟаҵара бзиа илбоит.

Афонд Ашана - Sputnik Аҧсны
Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аспектакль рзықәнаргылоит

"Зегь раасҭа бзиа избо математикоуп", - лҳәоит Наала.

Наала лҩызцәа хәыҷқәа реиԥш амультфильмқәа дрызгагам. Аамҭа анлымоу лан длыцхраауеит лашьа Алан иааӡараҿы. Лара лашьа даара бзиа дылбоит. Ирмаӡаны иҳалҳәеит аиаҳәшьа хәыҷы даараӡа дшылзыԥшу.

"Аиаҳәшьа дсоур Влада лыхьӡысҵоит", – лҳәоит Наала.

Николь лҩызцәа рыгәҭа зегь раасҭа дцых-цыхуп, даԥхьагылаҩуп.

"Ашәаҳәара бзиа избоит!" – лҳәоит лара.

Николь Хачатуриан аԥшьбатәи акласс аҿы дтәоуп. Даара бзиа ибаны аԥсшәа лҵоит. Зегь раасҭа ашәаҳәара аурокқәа роуп дыззыԥшу. Лара илҭахуп дшәаҳәаҩхарц. Ателехәаԥшрала ицо амузыкатә программақәа "X-фактор" "Голос.Дети" зныкгьы ибжьалмыжьыцт.

""X-фактор" салахәхар сҭахуп. Уи салахәханы аԥсуашәа "Уараида" бҳәар сыбзыгәдулон ҳәа салҳәоит сан", ҳәа лҳәоит лара.

Никольи Сандреи ԥшьышықәса ҵуеит партак еицахатәоижьҭеи.

Лиана с мамой - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" Лиана Гокориан лзы аԥареизгара иалагеит

"Аԥхьа дсыцәшәон, дсацәажәомызт. Нас ҳаиҩызцәа бзиаӡахеит", - лҳәоит Николь.

Сандра лан лажәаәқа рыла аӡӷаб сааҭла амультфильмқәа дрыхәаԥшлар лылшоит, агәра лгоит мышкызны алаԥшхырԥагатә лаба соуеит ҳәа. Арҭ аҭыԥҳацәа реиҩызара адагьы иҟоуп еидызҳәало аҽакгьы. Уи рчымазароуп. Сандра, Наала, Николь ДЦП ҳәа изышьҭоу ачымазара рыциит. Рхала анеиҭаҵ-ааиҭаҵра рылшом.

2017 шықәса рзы Ереван аоперациеи ареабилитациеи ирхысит. Аха ргәамбзиара аиааиразы шықәсык ахь изныкымкәа апрограмма ҷыдала аортапед аус рыдиулалароуп.

Еревантәи Ареспубликатә реабилитациатә центр атерапист Армине Чопуриан рыҩны дааны Бобат иметод ала аус рыдылулоит.

© Sputnik"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
Ашана хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеитги  - Sputnik Аҧсны
1/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
© Sputnik"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
Ашана хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит - Sputnik Аҧсны
2/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
© Sputnik"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
Ашана хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит - Sputnik Аҧсны
3/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
1/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
2/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит
3/3
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит

"Никольи сареи аԥхьатәи ҳаиқәшәараан лшьапжьышәқәа даара еибарххан, атәараҵәҟьа лылшомызт. Хәышықәса ҵуеит аус еидааулоижьҭеи. Аиӷьхара лыдызбалоит, аха шықәсык ахь ҩынтә-хынтә аус лыдулалатәуп", - лҳәоит лара.

Наалагьы лҭагылазаашьа акыр еиӷьхахьеит – уажә уи лшьапы дықәгылоит, раԥхьатәи ашьаҿақәагьы еихылгоит. Сандра лакәзаргьы аныҟәара лҽазлырхиоит.

Ахәышәтәра курск - 210 000 мааҭ иаԥсоуп. Аӡӷабцәа рҭаацәа уи аҵагылара рцәыцәгьоуп. Убри азы афонд "Ашана" Наала, Сандра, Николь рзы аԥареизгара хацнаркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0