Алашарбага аҳаблаҿ ахатә ҩны амца акит, ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит

CC0 / / Алашарбага аҳаблаҿ ахатә ҩны амца акит, ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит
 Алашарбага аҳаблаҿ ахатә ҩны амца акит, ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Алашарбага аҳаблаҿ ахатә ҩны амца акит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит лаҵарамза 17 асааҭ 23:26 рзы.

АҞӘА, лаҵара 18 — Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахатә ҩны амцакра иахҟьаны Ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит Аҟәа. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Алашарбага аҳаблаҿ ахатә ҩны амца акит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит лаҵарамза 17 асааҭ 23:26 рзы.

"Амцакра ҟалеит Морскаиа амҩаду 14-тәи аҩнаҟны. Аҭыԥахь инеит ԥшь-бригадак амцарцәаҩцәа. Амҿтәи ҩны иҩқәыблаа ицеит. Амца иалаблит ҩыџьа ауааԥсыра", - рҳәеит АҶА апресс-маҵзураҟны.

Иҭахаз рхаҭарақәа макьаназы ишьақәыргылам. Аусҭҵаара хацыркуп, Амцакра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп, аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0