Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукАмҳаџьырра иагаз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа
Амҳаџьырра иагаз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

АҞӘА, лаҵара 18 — Sputnik. Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амҳаџьырра иагаз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа, лаҵара 21 аҽны, абри атәы иҳәеит Аҧсадгьыл ахь архынҳəразы аминистр ихаҭыҧуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.

Лаҵара 20, асааҭ 11:00 рзы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра ахыбраҿы имҩаԥгахоит аконференциа. Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи ирызкны ажәахәқәа ирыԥхьоит. Иара убас, лаҵара 21, асааҭ 11:30 рзы амарафон - Алашарбага араион аҿтәи ашкол инаркны адрамтеатр аҟынӡа.

Инджгия Джамбул - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа: ажәа амҳаџьырра ихырҵәоу ргәы днархьуеит, иагьиашоуп дара

"Амарафон алахәылацәа рзы аԥхьахә ҭыпқәа фба азԥхьагәаҭоуп", - иҳәеит Инџьгьиа.

13:00 - Аԥсуа драмтеатр аԥхьа ашколхәыҷкәа амҳаџьырра иазку атематикала асахьақәа ҭырхуеит.

14:00 - Аԥсуа драмтеатр аҟны лаҵара 21 иазку ацәыргақәҵа аадыртуеит. Аԥхьахә ҭыԥқәа хԥа азԥхьагәаҭоуп.

18:30 - Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аҿар еизоит, аусмҩаԥгатә рҽаздырхиоит.

19:30 - Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтә абыкь зку ҩыџьа аҷкәынцәа аԥхьа игыланы, аҿар абираҟқәа кны Амҳаџьырқәа рбаҟахьы идәықәлоит. Аԥсуа драмтеатр аԥхьа Аԥсны аҳәынҭқарра аиҳабыра аҿар рколонна иацлоит.

Амҩаԥгаҩцәа амитинг аадыртуеит. 20:00 Аԥсны ирылаҳәахоит минуҭктәи аҿымҭра. Нас ателецҳа Аԥсны - Нхыҵ Кавказ - Ҭырқәтәыла аҿаркуеит, уи ашьҭахь "Нарҭаа рымца" еиқәырҵоит. Ашәҭқәа амшын ихырҵоит, 155 цыра алашарбагақәа аҳауа иаларҵоит.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0