Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

© Sputnik Илона ХварцкияҲандан Папԥҳа
Ҳандан Папԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырраан иӡыз акәылӡтәы ԥара́́ атехника ссир ҩышә шықәса инарзынаԥшуа рышьҭахь Аԥсныҟа ишыхынҳәыз атәы ҳзеиҭалҳәоит Асида Кәыҵниаԥҳа.

Sputnik

Аԥсуаа ахаангьы еибашьцәан, еиуеиԥшым абџьар хкы ҟарҵон. Аиҳаракгьы уи знапы алакыз ахацәа ракәын. Аҳәса ракәзар, ацәамаҭәа акәын идырхиоз. Абиԥарала еимырдон амаҭәархиашьа амаӡақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

Убас, ажәытәра ҵаула иатәны иԥхьаӡоуп акәылӡтәы ԥара́́ (урысшә. - "кольчужное плетение") атехника. Уи азы рхы иадырхәоит миллиметрак аасҭа ижәпам, аметалл иалху арахәыц. Арахәыц еимхәыц-еимхәыц еихадырԥоит, акәылӡгьы ахы алымҟьо иҟалоит.

Аԥсуаа ртрагедиа ду амҳаџьырраан акәылӡатәы ԥара атехника ыӡит Аԥсны. Уи амаӡақәа здыруаз амшын нырцәҟа иагеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

Ҭырқәтәыла шықәсқәак раԥхьа иаартын изҭаху рзы акурсқәа. Уаҟа иддырҵон ақәҵара, аӡахра, асахьаҭыхра. Иара убасгьы иаадыртит акәылӡатәы ԥара атехника аҵаразы акурс.

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Ҳандан Папԥҳа ишылҳәаз ала, арҭ акурсқәа рыҟны аӡәгьы иҳәом ари атехника Аԥснынтәи ишнанагаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

"Сара аинтерес скит уи Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых, избанзар убасеиԥш иԥон ҳара ҳандуцәа. Ирацәаны алитература санаԥхьа ашьҭахь, сара еилыскааит ари анапҟазара аԥсуаа шракәу изтәу, - еиҭалҳәоит Ҳандан Папԥҳа. - Акәылӡатәы ԥара иреиӷьны иҟоуп араӡны рахәыц, аха иҟалоит иарбанызаалак аметалл иалху арахәыц ала уԥаргьы. Иара аамҭа рацәа аҭахуп. Иаҳҳәап, напхаҵак аԥаразы хымз раҟара аамҭа агоит".

Ҳандан – Аԥсны анхара далагеижьҭеи акыр ҵуам, уи абри анапҟазамҭа здыруа дыруаӡәкуп, лара лажәақәа рыла ари аҟазара аҿар ирымадатәуп, идырҵатәуп.

Аҿар иарала еиҳа ркультуреи рҭоурыхи иадухалар алшоит.

Шықәсык аԥхьа Аԥсны еиҿкаан акурс ҷыдақәа. Урҭ рҟны Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа ижәытәӡоу акәылӡтәы ԥашьа рҵон, рнапкымҭақәагьы ацәыргақәҵа иаздырхион.

Сақариа аԥсуаа рхеидкылаҿы имҩаԥысит аҳәса анапҟазацәа рцәыргақәҵа Аҩычага. - Sputnik Аҧсны
Зеррин Шамԥҳа: "Аҩычага" ацәыргақәҵа Аԥсны имҩаԥысырц азы агәаҳәара ҳамоуп

"Ари анапҟазара аҵара анҳадыргала, ҳазегьы ҳаигәырӷьеит. Уи иуникалтәу шансуп ажәытәтәи анапҟазара аиҭарҿиаразы. Аиҿкааҩцәа иҟаҳҵоз ҳгәы азҭарҵеит", — лҳәеит Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩы Асҭанда Адлеиԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысыз ацәыргақәҵа ашьҭахь аҵараиурҭа апрограмма иаларгалеит амаҭәар ҿыц. Уахь иаҵанакуеит акәылӡтәы ԥаразы алекциақәагьы.

"Абри апроект ашьҭахь ҳара иҳауз адыррақәа иҳалдыршоит ҳҟазараҟны урҭ рхархәара. Ирацәаҩны астудентцәа русумҭақәа рҟны аетникатә стиль рхы иадырхәо иалагеит. Ҳара атәым культура ҳахьынҳалартә ҳаҟаӡам, ҳхатәы культура абеиара ҳазхоит", - азылыԥхьаӡоит арҵаҩы.

Аԥсны иӡхьаз акәылӡтәы ԥара атехника аинтерес шьҭырхит. Ирацәоуп иара зҵар зҭаху рхыԥхьаӡара.

© Sputnik Илона ХварцкияАкәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

 

Ажәабжьқәа зегьы
0